text
stringlengths 1
1k
|
---|
Сара уаанӡа хәышә нызқь доллар ҳәа исҳәаз мап ацәыскуеит. |
Сыхҭанакит ахәыцра хьанҭа шьҭак, хәынга ссирк сыцрымҵуа исхьынҳалеит. |
Урҭи иареи, еиқәаҵәа-сымсалха, иҳанто ирыбжьа жьуп аԥҭақәа. |
Ус сымамшәа, сыццакӡом аҩныҟа, схы сықәыжьны араҟагь сызтәаӡом. |
Ҭаҭлан, уажәы лысбак ҳамоуп, изеиԥшроу убандаз! |
Дырҩегьых иажәа иациҵарц шиҭахыз убаратәы ажәақәакгьы иҳәеит, аха ҩаԥхьа ацәажәара ицәыцәгьахеит. |
Ԥслаҳәшәа изҿыслоз ахрақәа исыма сырхалеит, иҵәҵәаны исхырххьаз сыԥсы еиҭагьы исхалеит. |
Ҳзыхцәажәо апиеса Гьечаа рҵыхәтәа аҿы иаларҵәоуп алафи, ашәеи акәашареи |
Нхаҩык изыҳәан, аҽы аҭира азин инаҭарц, иара ишихатәу, ишимӷьычыз ҳәа иҽақәырԥсны амаҵмаба аҩра дшаҿыз аписар, игәиҽанӡамкәа |
Убарҭ инарываргыланы, иахьа иҳаноумыжьратә игәыгәҭажьны иҟоу ашколқәа рҿы ахәыҷқәа ашәаҳәареи акәашареи хымԥада дырҵара азҵаара анықәгыла, иагьанҳалша, нас ҳазлацәажәо аус хьаҳәаԥаҳәада иӡбоу проблеманы иҟалон. |
Сыԥшааларын исарҳәар иахьыӡыз, исхаршҭны уиаахыс ус шаҟа ҵыз. |
Дад, амарџьа, дад Иуана, Даади, даади, доу! |
Аменшевик игәшәа аҟаҵара акәын, икәа аҭалара акәын. |
Адунеиаҿ уаҳа ԥсҭазаарак миуа, Аӡә ихала зегь ааццышәитәыр ауа, Нас, абар, абар, абар ҳахьаанагаз |
Исышьҭақәаз саӷацәагьы руаҟәк аҟәара днықәҳаит, егьигьы уаҵәҟьа ҿыцха иҽылкаижьит. |
Усҟан абла акгьы абом, иеибган уаҟа акгьы нхом! |
Саԥхьа игыланы иабацо адунеи дугьы аҽырҿыцшәа! |
Инықәыццышәаа игон, иԥҳәыс Бу ца лакәмызҭгьы. |
Аҭабиақәа ржит, хаҳә-мҿыҳәла амҩақәа ржәагәеит, ахысразы иманшәалахап ҳәа, шәақь-хыҭҟьарак ахьанӡанаӡоунӡа абнақәа дырхит. |
Дахьымаара дабацеи, аф лысыртә, дшикыз деимлагәа?! |
Сара сышьҭа ауаҩраҿада иабансыжьри, уи сызхамыз. |
Аха дук мырҵыкәа Ноурыз абахҭа дҭыҵит. |
Урҭ есааира ихадырҭәаауеит ҳара иҳацәцахьоу, ҳмаҷра. |
Уус злам ҳәа акгьы рдыруеит игәааз, урҭ ирдыруеит иҵасу, иҵасымгь. |
Амҩа дуӡӡа сықәлозар, ҳаицыз, сҩыза, усықәлазар, гәыла ҳаибарԥхо. |
Ахра ибон уи имч шақәымхоз, аха дхьаҵырц иҭахымызт. |
Лнапаҿы илку асаби, иқәра иааноумшьартә, агәҭыхақәа рхубаалоит иблақәа, заа дышәхьеит. |
Дарбан, уара, иавахаз уа ааҵра, сақәиршәарц игәы иҭамзар уи ҽеирак? |
Ауаа, ҵҩа змамыз, абираҟ ҟаԥшьқәа кны, инеиуан иахәаԥшырц зхәыԥштәы еицакхьаз ихиҿ ҩежь. |
Иӡбахә акәым, инеиҵыхны ажәабжь иара изкуп. |
Уахакгьы Аҟәа салҵп схы дырны, уԥры смашьына лас сшьамхы. |
Аха ара, адгьыл аҿы, ҳимпериаҿы нцәас иҟоу сара соуп. |
Иан, мамзаргьы иашьцәа еиҵбацәа ргәахы анкыдӡаалак аҽага кны уалал ҳәа уаҳҳәом, амала унеины ҳамхырҭа убла иарба ҳәа ихәмаруа аҵәы иларҵон. |
Акәаҷаб алашьцара иаларҷҷо, акәасқьа ааҵраҿы дахьгылаз, аҩны аҩныҵҟантә, аӡәы дгыланы, шьҭыбжьык лаҳауазар ҳәа ԥыҭрак дӡырҩуан Аминаҭ. |
Кәышәгьы днаԥшааԥшуа, игәы хыҭхыҭуа амхырҭала дааины иҩны ашьҭахь дааҭгылан дӡырҩит. |
Имаҭәақәа, аныҳәақәа раан ишәиҵалоз, икәымжәы, ихҭарԥа шкәакәа, иӷәақьиа ҟама, иуапа, инапҩымҭақәагьы ԥхынхызак инылаҳәаны, дҩаҵарҵан, дрыманы ицеит, уаҳагьы иҩызцәа роума, иҭынхацәа роума, ишьагашьа ҳәа аӡәгьы имбаӡеит. |
Дамеи иеиԥш изҩыданы ихәыцуаз ауаа иагьа гәаҟра иақәшәаргьы ирылшоз зегьы ҟарҵон рыԥсадгьыл гәакьаҿы иаанхарц азы, атәымуаа рҳәатәы хаҵаны амшын рыҽхыԥсаланы нырцәҟа имцарц. |
Ирацәаны иажәеинраалақәа рҟны ҩныҵҟалатәи агәҭынчымра шиныԥшуагьы, ииҳәо ахшыҩҵак аԥхьаҩ иҟынӡа инеигоит дымццакӡакәа, хыхьхыхь акәымкәа, ҭынч-ҭынч, ирҵауланы. |
Ҭынха дызмаӡамыз иеиԥш соурыжьын, абар, саауеит. |
Ианыҽҵысыз, ианмархәацыз, иҩуа, иԥо ҳашҭа иҭан, аханатәгьы ихьчо сацын, уи хьыӡҳәала са исыхәҭан. |
Ароман акомпозициа иҭаршәҵәҟьаны акәӡам аспектакль шеиҿартәу, акыр иеиҭарсуп. |
Аха уи уаанӡа иара дҳәаны дизтәазаарын. |
Сара издыруеит уи гәыкала бзиа дшыббо, уиоуп зегьы ирыцку. |
Аҩны шьҭыхны ажәҩан ахь идәықәнаҵаз џьысшьеит. |
Афронт аштаб иҳаднаҵеит Абарони ири нҳарҵәарц |
Иамукәа исықәшәар уи амш, Иамукәа исықәҳар уи амч |
Аспектакль анаҳҳәалак, арежиссиор ииԥшааз амизенсценақәа, адетальқәа, иагәылсны ицо ахҭыс сквозное деиствие, иаахтны иқәыргылоуп уи инеиҳаны, инахыҳәҳәоны, иаҵаҵәахны иагәылоу азҵаара сверхзадача, артист иҽеиҭакшьа перевоплошьчение уҳәа рымацара ракәӡам ҳара ҳзызхәыцқәо. |
Излазбо ала, дара аӡәгьы илаԥшгьы сыҵашәом, аҵла иҿшәаны инкашәаз абӷьыц аԥша инықәҵа-аақәҵо ишаго еиԥш, сынҭаҳа-ааҭаҳауа сцоит. |
Манча драқәԥон ҩыџьа рымчцәгьа, Ҭемыри арҩаши еизакы. |
Сыбжьы нҭыгангьы исҳәарц аасҭаххоит изыскхьоу сажәеинраалакгьы, аха уи уажә агәгәа зыхга инеиуа амашьына аҩныҵҟа иабаҭыԥыз, ус гәаныла анҵәамҭа сгәы иааҭысҳәаауеит ауп |
Сҩыза, ешьаҵас уара узҭахыз иоуп сара сашьцәа ирзызуз ешьара. |
Рацәакгьы ахыҵуам, аха уамажә зегьы ахыҵуашәа иҟалахьеит. |
Ари ҟазҵа ашоура аныцәгьаха, ацәқәа иаарықәшәаны, ичмазаҩханы иԥсуеит. |
Сара снаганы уи адгьыл ахьажыз аҭыԥ сдырбеит. |
Аҭара аганахьала Кәыдры ахықә унықәгыланы Аҟәаҟа уааԥшыр, Шаумиановка ҳәа ашьҭахь изыхьӡырҵаз ақыҭа, ҵаҟа, лбаанӡа, ҩадахьы, ахәы уахьын хыҵуанӡа, ашьхаҟа аганахьала, Наа Амыҟәреи Аҩыраӡареи наҵанакуа, Маршьанаа Рхәы ҳәа иашьҭан ажәытәан. |
Руаӡәы ихьӡын Башаныҟәа, аус ибар дбыбуан, ҩызас диман Аашьаныҟәа арыжәтә анибоз дԥыруан. |
Ачаахәараҿ еиҳа срыцҳашьан здыруада снарышьҭуазар ҳәа есышьыжь зысаби мчыла ацәа далыкәкәаан даазгалоз аԥҳәыс, арҭ акы иалаҳәаӡамкәа еисыҵәҟьоит лҳәан, дгәыҭҟьа-ԥсыҭҟьаха лышьҭахьҟа днеихеит. |
Зегь реиҳа зыӡбара уадаҩуп ҳәа иршьоз Аԥсны Аминистрцәа Рсовет Ахантәаҩы инаиркны аминистрцәа реилазаара ашьақәырӷәӷәара акәын. |
Аӡә гәыкала исеиҳәоит, сгәаҟра даргәаҟуеит, исыцралаз амца ирцәарц иҭахуп! |
Иахьа игәалаиршәо агәра узгозар, ус акәзаргьы ҟалап. |
Урҭ ахымшкгьы Ҭабзала ақыҭа иакәыршаны иахагылоу ашьхақәа рмаҟҿаҳәара ҩахыс иумбаӡо, рыхқәа аԥсҭҳәа ӡлачқәа ирыларшьшь ирылагылан. |
Усҟан афилологиатә факультет аԥсуа сеқтор аадмыртыцызт. |
Уи ианугәаланаршәо ыҟоуп иара ауаҩы ихаҭа ихымҩаԥгашьа. |
Уи иаҵанакуа еилызкаауагьы ҟалашт, аха иззеилымкаауа еиҳахоит. |
Гәаныла дахыччалон ари, аха ус зыҟабҵозеи ҳәа дылзымҵааит. |
Исҳәап, исымҳәап ҳәа алакҩакра саналагалак, ус сгәы сынҭахәыцуеит |
Убри аамҭаз хәыҷык лыҵәаабжь, аҿҿаҳәа ибылуаз аҩны идәылҟьаны иааҩуа иалагеит. |
Угәы ишԥаанаго, изхароузеи, изыхҟьозеи аҳабла иахьазымҳауа? |
Аибашьра сыхьӡеит сара Бобруисктәи абнаҿы, – иҳәеит хариташвили Аԥснытәи иҭоурых ааркьаҿны ианиҳәа ашьҭахь. |
Елизавета Николаи-иԥҳа дызлацәажәо аибашьра аныҟалаз аамҭоуп. |
Имлашьуа игәароу алашьапыфацәа узларықәгәыӷуеи, еснагь угәуҽанызароуп, иуҵаргало сеидроу, ара, егьаумҳәан, иааукәыршан инхоит уеиашьара урҭ рахьынтәгьы алашьапыфацәа маҷҩым, аха |
Уҽыхәа унасны, адәеиужьгьы цәырҵәаны иахьуҭаху уцар ауа иҟахындаз! |
Абыргцәа ҳхеидкыла иалоу рыдагьы, хар змам ҳәа иҟақәаз еизаагеит. |
Урҭ ианакәызаалак рыжәлар рлахьынҵа аиҳа, рхатә қьафура еиӷьыршьон, аиҳабыра еимакны дара-дарала лааԥшымҩа рибаҭомызт. |
Быхцәы бырфын, сара мыцхәы исгәаԥхоз, сеилазгоз быхцәы, сналалап, амшын ацәқәырԥеиԥш, иеиҩырҽҽо |
Саԥхьа-сышьҭахь иҟоу леилаӡҩоит, сназхәыцуеит абри сара нас |
Ажәеинраалақәа реизга тиражла зегьы иреиҳау зқьи хәышә рҟынӡоуп иахьынаӡо. |
Иаҳәшьак леиԥш бзиа даабон ажакьа еиқәаҵәа сыԥҳа ҳәа леиҳәон. |
Асас иагьа дҟәышзаргьы, аԥшәма иҭыԥ изныҟәгом. |
Аха ауха лцәыбзеи лареи еибырҳәахьаз лыҷкәын имдыруази уи иаб иеимҳәаӡеит, лцәыбза дахьырашәоз аганахь амҩа ианиԥсалаз абыӷьқәа ҟәшәаны иаби иареи ахьырашәоз аганахь амҩа ианиԥсалеит. |
Ари аԥхыӡмаана иаҳәон дара бзиа ишеибабоз атәы. |
Мҽышан, сара саниуаз, илаҳарц лҭахымызт сангьы аӡә иуаз. |
Наҟ-ааҟ аҳаракырақәа урҭ ахысбыжьқәа зҿаҩуаз, рыхәламшәа ҵыркаазшәа инарҿабеит. |
Уи наҟ дахьубарҭам Дцахьеит, узихьымӡо хара. |
Баҭал излеиҳәо ала, астол иахатәаз деибганы уаҩытәыҩса дзымгылаӡеит. |
Даҽаџьоукыхгьы аҵара уаҩ дарӡуеит, дахнагацәоит, ишьаҭақәа дырҟәҟәоит ҳәа ирыԥхьаӡон. |
Абарҭ роуп ииҳәаз иҿала, аха гәаныла урҭ иҳәомызт, рыгәрагьы игомызт. |
Араҟа иан Уардахан, абаажә ушьа узымуит ҳәа аҽԥныҳәа илҭогьы, аԥсы дыҵнарҟьап, абза иакәым. |
Ари агәылацәа ракәым, аешьа гәакьагьы аԥшәма игәашә иара иааиртаанӡа дахьымнеиуа, – иҳәеит, даараӡа иџьеишьеит, иагьицәымыӷхеит, – иҳәеит. |
Ианыҟалаз аҩны иалацәажәоны илаҳазаргьы, илхашҭхьазар акәын. |
Сара, мап, сыхшыҩдам, уаргьы саргьы иаҳзеиԥшу сыдгьыл еиқәсырхоит. |
Бара буаҩуп, быԥсы еиԥш бзиа иббозар акәхап быԥсадгьыл |
Имцу апатуеиқәҵара шаҟа хара ҳацәцо, аиаша иаҳа ҳазааигәахоит. |
Лади Ӡыкәыри, абри аԥсабара шкәакәа рымҵаҵаны, шәҟәык еиԥш еихыршәшәа иаԥхьозҭгьы, арҭ ахәыҷқәа рзы, уи иахьа, лаԥш зхьымӡоз дәеиужьын, нҵәара зқәымыз хәмарган, имчԥышәаган, иблагәырӷьаган, утәы-стәы аламызт |
Аублаақәа амшыннырцә иахьнеизгьы, ҟыбаӡыба, агәаҟрақәа аурыгхахуаз, ргәаҟра нацлон. |
Уи илыцхраауеит Марина Ҷанбеи, аибашьҩы Саша Делалоӷлии, иан Милиа Маклецовеи. |
Рышьҭыбжь убриаҟара ицәгьан, аокеан агәрымрагьы рыҵадырӡит азныказ. |
Ҽнак Қарҭынтәи ателеграмма ааит, ашьыжьтәи адәыӷба ҳланагоит, уаҳԥыл ҳәа аҳасабеилыргаҩ хада инапы аҵаҩны |
Аха инагӡаны еилкаам ашәҟәыҩҩы ипозициа, иалкаау аӡәи-ҩыџьеи ирхареиҵауоу, инеидкыланы ацивилизациакәу изхароу, игәниго, дызыгәынқьуа аҭагылазаашьақәа. |
Сызвагьежьуаз ауадагьы ҳара ҳзыҩназ иаҩызан аҳаԥшьа еиԥш иҭырҩызаа ишьыхын, ашәызаҵәык ҿан, ахышә захьӡу адгалаӡамызт |