text
stringlengths 1
1k
|
---|
Жәҩан ҵаула сгәы архыҭхыҭып, сшәап сцаӡар ҳәа зны сыбжьаӡ. |
Дадуи Аԥсуареи аҟәша аҿы исҳәахьеит, уажәы еиҭасҳәоит ачаӷьа иахҳәаау ажәлар рҳәамҭак. |
Аха сымҩа хароуп амашьыназ, адәыӷбагь гәырмаҷгоуп |
Ари сҩымҭаҿы Татиана Еснаҭ-иԥҳа лыԥсҭазара аганқәа зегьы ҭҵааны иаасырԥшуеит ҳәа хықәкыс зынӡаскгьы исымаӡамызт. |
Абӷьы иаҵәа рыҵаԥса, рнапы ааԥса рыкәаԥса Акашәарах Кәаташьи аҟәџьали аҿы |
Едуард Қоқоиҭы диит жьҭаара 31, 1964 шықәсазы. 1988 шықәсазы алада уаҧстәылатәи арҵаҩратә институт далгеит. |
Иан кри-алҵон, иара дтәан, аха ҽанк дыхҭалкыхт иан |
Абри амҩаҿы зегь реиҳа дшәарҭоуп зхада хы зҭахым, ажәлар зегьы ихьааушәа дцәажәо, арахь их иазеиӷьу ада даҽак иазымхәыцуа. |
Усҟак иџьаумшьан, уи башангьы иҟамлеит, ԥеиԥшк уаҳарц уҟоуп иахьа, Сасрыҟәа! |
Убасҟан ауп ара дуқәа зықәгылоу адәыԥшӡа |
Абарҭ ароманқәа акырӡа зҵакы ҭбаау, сахьаркырала ихәыдам рҿиамҭақәоуп. |
Амаца иасуа, абри аҟара сцоит ҳәа ианықәиҵо еиԥш |
Ажәҩа аҟьашьеи, аԥра ахаргылашьеи, аԥсҟы акышьеи, иара убас амшын аныцәгьахаша амаӡақәеи уҳәа, иҳаимырҵоз ҳәа иҟази, сабгәышьа. |
Амра ашәахәа аман ианҭашәа, иаразнак иааилалашьцеит. |
Зегь акоуп ари рмацәаз кәымпыл зыԥырраны иҟаӡам! |
Ихәда адақәа ргыланы, иблақәа ихагәҭахь икылцаны иаӷьра даҿуп, аха ишԥа. |
Очамчырантәи амҩан ҳахьаауаз аӷдараҿы акамбашьқәа, ажәқәа уҳәа изымбацыз адәыӷба анырба, ирҳаны, абна хыла иасны, инылабга ицон, урҭ уаха игәарымларгьы ҟалап. |
Машәырнгьы ирымпыҵымҵит ҟәындҟәындрала, хәыҭхәыҭрала, ауҳәан-сҳәан иеиԥшу ажәеинраалак. |
Ашәуаа раҳ Пту Лахьа Лыхны ақыҭантәын. |
Ашәҭышқәа рдацқәарҿ ианыҟамла ԥхарак, ааԥынра инаханы имҩасит. |
Арантәи ақыҭа зегьы унапсыргәыҵа ианушәа уалаԥ шуеит, зыҽ иашьҭоу, зырахә ҭазцало, ашколахь ицо, авто-бус иазыԥшу, ма иҿҟьа-ҿҟьа уск иашьҭоу. |
Аус злоу, иара изы иуадаҩыз даҽа земанак изцәырҵит |
Ари атермин асоциологцәеи антропологцәеи иҳадыргало иӷару ауаа рынхашьа-нҵышьа аиҭаҳәаразы иаанаго уи ауп, аӷарра иалааӡоу абиԥарақәа иҷыдоу анхашьа ишашьцылоу, анаҩс изызҳауа абиԥара ишрымардо. |
Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аԥҵоуижьҭеи ԥҭ шықәса аҵра еицазгәаҳҭоит, гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит. |
Аҩажәижәабатәи ашықәсқәа раахыс Аԥсны аколониалтә политика мҩаԥызгоз ажәала акы ҳәаны, аусаҿы даҽакы ҟарҵозҭгьы, арҭ ражәеи руси акоуп. |
Аԥхьа сшьапқәа насыҵшәааит, аха нас иҟаԥшьхан, идыст. |
Дызлаҳарио цәарҭа иажәланы иҳазкҿаӡам, аха егьоурым, џьара акы ҳаԥшаап. |
Ыы, абилеҭкәа згахьеит, сҳәарц сҿы иҩаныххылаҩаныххылан, аха, дызкаҷбеида лҳәар ҳәа сшәаны, сҽааныскылеит. |
Шышкамс хкык ыҟоуп, абажә ианалҵуа, амҵәыжәҩақәа амоуп, нас иара ахала иҿнафаауеит амҵәыжәҩақәа. |
Рхала иргәаԥханы ирыдыркылаз европатәи акультура мчыла егьырҭ ажәларқәа ирыдгыло иалагеит. |
Ҳраҵлеи ҳҭәаҵлеи еиқәҿырҭуан, рыбжьара ҳхәыҷра агәы ҭԥраауан. |
Наҟар ибзоураны анхацәа еилыркааит еидгылар акыр шрылшоз. |
Зеиԥш уаҩы иимбацыз аҭынчраҿы иуаҳаӡоз абахә еиҩжәара ибжьыҩрны аԥшаҳәа ианыҽҽалоз аӡиас ашьҭыбжь акәӡан. |
Аӡӷаб илҭахыз ацхыраара лоухьан, уажәыҵәҟьа адәны игылаз аказы узиҳәомызт, шьҭа аԥшра, аԥшра, адырҩегь аԥшра. |
Ичҳаны усзыӡырҩла, Заурҟан, – иҳәеит аублаа арԥыс Саид, ҿыцха дышьҭаԥшуа. |
Аҷкәын деиқәханы ашьха данылбаа, ԥыҭрак Гәдоуҭа ахәшәтәырҭаҿы дышьҭан, ашьҭахь Москваҟа дрышьҭит. |
Абраагьы арԥарацәа рыгәҭыхақәа аниҵеит, еицәажәеит гәаартыла. |
Иаанымхози, рыцҳа, иҭацәны, ауаҩы урҭ ирнимҵазҭгьы ишьҭа. |
Амала, уи аҽны лара лыда хьаа имамкәан, дганы дааигарц иҭахын. |
Гәыниб ҳәа иахьашьҭоу аҿаҩа дгьылаҿ ауп ари ахьыҟалаз. |
Знызаҵәык, знык снабҿаԥшыроуп, уаҳа рацәакгьы сҭахым. |
Ишәыхьзеи, уара, ӡӷабк дышәзымԥшааи, абырсҟаҩык ахьгылоу?! |
Мшын ацәаҳәа алдан, ашьҭа нанҵа, аӷба шкәакәа наскьоит хараӡа. |
Ааи, аха иаҳшаз иахьатәи амш хьӡы амаӡамкәа иаанхома? |
Ҳара ҳаиԥш, шәаргьы шәақәиҭыз, ишәымаз, шырҳәоз ииасит хаҵаҵас. |
Ус, амҩаду аганахьала лҿаалхан, дшәаԥырҳаԥуа, днаԥшааԥшуа дара рахь дааскьеит ԥҳәыск. |
Аҳазарқәа ишырҵасыз ала, ларгьы лаԥхьа игылаз асаара-ҟьаԥс кәац жьыхәҭак аанылхын, ҽыҭк аамылхит. |
Нас, ахәыҷқәеи бареи шәышԥеибабо, ирҳәозеи, сыгәхьаарго иалагахьоума? |
Абасала аԥсуа ҭаацәа рҿы иҟаз аилибакаареи аҭынчреи еилаган. |
Ицаҵәҟьарцу аамҭа схысны, сӷәыхны, сус-ҳәысқәа мбаҵәҟьакәа акашәа?! |
Усҟангьы абасҵәҟьа длаӷырӡышо, деиҵақьуа дигәыдкыланы дгылан ибла ахԥшылара иацәыԥхашьоз Асиа. |
Абри ашәҟәы бзыҩны саналгалак, лара илысҭоит, уи ибылҭап. |
Иахьагьы убри арыцҳара аҵыхәтәа ԥҵәамкәа иааиуеит, игәы дынҭаӷызшәа ауп абарҭ ажәақәа иҿы ишааҭшәаз Џьармаҭ. |
Ажәак иамҳәакәа, иалҳәаргьы, иара акыр ихаразшәа, иша жәа мҽыӷхоз дырны лҽаанылкылан, днаидҟьаны дыҩит. |
Игәаҵан ицәахьаз агәхьаагара зегьы аҿыхара иаҿын. |
Чаик ыжәны дахьаатәаз еиҭа ацәа иқәҳауа далагеит Разан. |
Аџьба иажәеинраалақәа рыла ауаажәлар ирылаҵәахьеит, хыԥхьаӡарала ирацәамзаргьы, иԥханы, игәахәаны ирыдыркылаз ашәақәа Барион дугәалазыршәо |
Уи леиԥш иҟоу роуп амҩа зҭатәу, уареи сареи иҳауҳәозеи! |
Иҟаз аиаша, ус аԥсы ҭаз, ибзиоуп, дара ианырԥырхагам! |
Абду Филатгьы ихиҿы неихамч чакәа дыҟам, аха абнаршәыра илаӡыз амра ашәахәақәа реиԥш, уи иԥышәырчча, иԥаҵа еилачқәа инарылаӡ ицеит. |
Еиҭа сеибакәеибаха, снасыԥдаха шьоук ргәараҭа сықәхар аҵкыс, аҟамзаара еиҳа еиӷьасшьахаҭаҵәҟьон! |
Уажәраанӡа амҿы злалихуаз иеихаҟәала аҟәақ-аҟәақҳәа дааҟәымҵӡакәа ихагәҭа аӡә дасуазшәа ибон. |
Ахьча ласба ладухеит, ашьҭахьтәи ашьапқәа ирықәгыланы аҽанаашьҭнахуа, гыларыла Денуар инаидҩыло. |
Ушысымбацызгьы, илакәми, усҭахыхын, арахь, сдәықәлан, мҩабжара саанҿаст. |
Уи ҳара аԥхьаҩцәа ҳихҭыгәлоит мҩа харак ахьынтә данаауаз дахьынтәаауа конкретла инҭкааны аҩымҭаҿы иҳәам, аха иҩашьаӡом Урыстәыла ихароу дгьылк, қалақьк шакәу, иқыҭа Аԥсара данналалоз аамҭазы. |
Ҵарауаҩык, ҭоурыхҩҩык, насгьы уаҩԥсык иаҳасабала уи аҩыза апозициа аанкылара иаҳәоу рацәоуп. |
Дасгала исызшәа дааҭрысит ашәаҳәаҩ, аха ибла џьа иааихамҟәысит дахьыԥшыц дыԥшуан, ашәагьы, аӡыблара еиԥш, иеилагьежьуа иааиуан. |
Очамчыра ақыҭақәа рҿы, алашара зма-мыз, амашьынақәа рҿы акуммулиаторқәа ирҿыганы еиҿ кааны иҟарҵахьан, убри алагьы, Гәдоуҭантәи аԥсуа радио иаҳәоз ажәабжьқәа зегьы уахь инаҩуан. |
Абас иҳәаанӡа ҳәа дыԥшызшәа, уажәраанӡа зныкымкәа Гана иибахьаз ахаҵа дааҩналеит. |
Геи шьхеи ааимсырҟьеит ҽыкәабалла, схаҵахаз џьысшьан, ашьҭахьшәа. |
Аԥсны иҟалақәаз арахьгьы имаап ҳәа шәыҟоума? |
Шәеицәажәала, шәеицәажәала, сышәԥырхагам, – иҳәан, хырхарҭак имаӡамкәа агәарԥ днықәлеит. |
Уи, аиашазы, естетикатә гьама ҳаракыла, ҟазарыла иҭыху Италиа афильм, ахәаԥшра агәаԥхара умоурц залшом. |
Ҳара ҳазхара иаҳзылбаадомызт аԥшаҳәа афҩы хаа |
Саб симышьҭырц далагеит, аха аҽаԥсра сҽанықәыск, гәыԥҩык сыцҵаны сдәықәиҵеит. |
Аӡә идамхаргьы дубар амуа адгьыл укәзар гәаҟроуп уара узы. |
Ак ықәҵо, ак ықәхуа, абар, лара уажәы аҟәынақәа реиԥш абҩатә ҵәымӷ хыгьежь хәыҷқәа зылпыҟҟа иҟоу жәытә шәындыҟәра дук дахьнадгылаз. |
Иаҳауеи шьыри, убри ааган абра иумазар, ма уара уахь узцар имыӡцзар иага уанаҳәарын! |
Ардзинба В. Г. Нартский сюжет о рождении героя из камня // Древняя Анатолия. — М.: Наука, 1985. — С. 128—168. |
Цәырҟьа-цәырас иааиуа уарбан, аҩнқәа уҽрывакуа маӡа. |
Уа, абра, уи бара бижьеит, дызлацаз амҩа саҳәа са сишьҭалоит, – иҳәеит. |
Ашьыжьымҭан асааҭ жәба рыбжазоуп араатәи аамҭала, ҳара ҳҿы жәеиза рыбжа афирма Норд Наити асқьала ҳанынкыдҿарҳәала. |
Нас атрымҳәа инеиҭаԥан, Уаҟа инаҵалт ан, Пата хәыҷгьы илаԥш аҭан, Дхәыцуа дазыԥшуан. |
Апатронақәа усгьы иауреигӡахуаз, минуҭқәак рыла, ԥенџьыр зхылаҳәоу ҳәа акы аанмыжькәа, иԥыххааса еиларҵеит. |
Лыкәҷарақәа зегь ахьшь илцәагазшәа, ашҭа дықәгылоуп, илҿашәышәуа аԥша. |
Уахык акәым, шықәсык сыҩнакны симазаргьы, исҭахым иҿы саангылом. |
Ари аџышҭра зкәаҳада сҳәахуеит, уара уакәзаап! |
Апоет акакала ажәҩан икыдихуа арҭ аеҵәақәа аимхәыц иахеиԥсоит, агәырҩа-хьаа, агәырӷьара гәахәа ирҭоит, ԥхьаҟатәи инасыԥ рылибаауеит |
Угәырӷьала, аарла иааиҳәеит Иасон, иԥсы апара иаӷрагылаз амӡышәа зынӡа диҿамԥшӡакәа. |
Умбои, ԥхыӡла ианубазгьы, ҳаџьмақәа реиԥш, аҟәҟәақәа дара ракәын изхаз. |
Убри азы еснагь иҭабуп ҳәа шәасҳәоит, сшәеихырхәоит адгьыл аҟнынӡа. |
Иузахмырԥо, высшьа змам уи амш аҟынӡа анцәа идырроуп усгьы шаҟа бжьоу. |
Уаҩ дихәомызт дахьцалакгьы уи, ҩыџьа иреиҳабыз. |
Мамсыр ижәлантәқәа, иҭахцәа, иуаешьара ршьа рурц азы абас мҩакы иқәлозар акәхарын, аха аҭакәажә мыжда илҳәаз зынӡа ируа иақәымшәо ӡибнаҟа имҩахнагеит |
Абыкьгьы ҳасроуп, сара сҟны иҟоуп иара ахаҭагьы, аха уи азҳархарым, шәарҭ абыргцәа ҟәыӷақәа, шәыҽшаны шәнарылал ҳқыҭақәа, ҭӡыцыԥхьаӡа шәныдгыло, аизара шыҟало зегьы адырра рышәҭ иаҳа длахҿыхны дцәажәон ҳныхаԥааҩ. |
Абзиа сызрылҵыр, иамуит иахьамуа, сгәыграк гәырк саҿаршәны сакыхт. |
Нас ишԥазури, саналаҟам сзыччом, сызгәырӷьом сара цас. |
Уа дахьнеиз даарыхьҭашьны дахьнышьҭалаз еиҳаеиҳа деиҭашәо, лымчыбжь аанҵәоны лыԥсҭазара далҵит. |
Адунеиаҿ абри аҟара ацәгьа зыршаз, нас убри ами зегь раԥхьагьы иахьырхәтәу? |
Шәарҭ аԥсуаа ишәымоуп ашьха рынцәа Анана-Гәында, дара |