title
stringlengths 1
175
| text
stringlengths 63
16.4k
|
---|---|
Аиталиа бызшәа Алитература | Raffaele Simone, Enciclopedia dell'italiano, Treccani, 2010. Fabrizio Berloco, The Big Book of Italian Verbs: 900 Fully Conjugated Verbs in All Tenses. With IPA Transcription, 2nd Edition, Lengu, 2018. 9788894034813 |
Аҭаџьықь бызшәа | Аҭаџьык бызшәа (), Аҭаџьык афарси бызшәа () — Таџьықьистан аҳәынҭқарратә бызшәа иамоуп. Иран группа, индо-европеитә ажәла иреиоуп. Ихалхно—14 000 000 ҩык. Aҭаџьыкаа рбызшәа. Афганистан, Иран, Уазбақьистан официалтә бызшәа иамоуп. |
Аекологиа | Аеколо́гиа (аагоуп абырзен бызшәахьтә: «ойкос» - аҩны, анхарҭа, аԥсадгьыл + «логос» - аҵара) — Хыхь ишаҳҳәахьо ала аекологиа рызкуп зыԥсы ҭоу ацәеижьқәеи изну аԥсабареи реинырра аҵара. Аекологиа ршоит хыџьараны: 1) аҵиаақәа рекологиа; 2) аԥстәқәа рекологиа; 3) ауаҩы иекологиа ҳәа. |
Аекологиа Аҵиаақәа рекологиа | Аҵиаақәа рекологиа иаҵоит аҵиаақәеи изну аԥсабареи шеиныруа, аҵиаақәа дара-дара реиныррақәа, урҭ рзеиԥшеизҳарақәа. Аԥсҭазааразы зыда ԥсыхәа ыҟам аҭагылазаашьақәа иреиуоуп – алашара, аԥхарра, ацәаакы, аҳауа, аминералтә маҭәашьарқәа уб. иҵ. Ацәеижьқәа рыԥсы ҭанаҵы крырфоит, рыԥсыԥ ларгаҩаргоит, ирызҳауеит, иҿиоит, рымҽхак дырҭбаауеит. Убри ауп урҭ рыԥсҭазаара ҵакыс иамоугьы. Аха ҭагылазаашьала урҭ зегьы еиԥшым. Џьара аӡы маҷуп, даҽаџьара аҳауа цқьам, егьи- рахь хьшәашәароуп, даҽаџьарах афатә маҷуп, мамзаргьы ӡҟычроуп. Ажәакала ацәеижьқәа рзы иҟоуп иҽеиуи иҽеими аҭагылазаашьақәа. Убарҭ аҭагылазаашьақәеи ацәеижьқәеи реинырра шымҩаԥысуа аҭҵаара иазкуп аекологиа захьӡу аҵарадырра. Аҵиаақәа рекологиа иҭнаҵаауеит ауаҩы ихарала аҵиаақәа ироуа анырра ахҟьа-ԥҟьақәа. Аҵиаақәа рекологиа аилкааразын идыртәуп аҵиаақәа рыԥсҭазааратә ҷыдарақәа. Аҵиаақәа анышә аҟынтәи ироуеит рыфатә, уи иқәгылоуп, изеиҭаӡҵом. Аӡҵиаақәагьы аӡаҿы ироууеит рыфатә, изеиҭаҵӡом. Аҵиаақәа рымҽхак дырҭбаауеит рыжәлақәа рыла. Ахара ацаразы урҭ рыжәлақәа еиҿартәуп аҳауаҿ ихиааланы иԥырратәы, мамзаргьы аӡы иагаратәы. Рышәҭқәа ирхылҵуеит афҩыхаа. Аҵиаақәа иԥсаанӡа ирызҳауеит. Урҭ урысшәала «рас- тение» зрыхьӡу еснагь иахьрызҳауа азы ауп. Аҵиаақәа ирылшоит рцәеижьхәҭақәа рыԥсахра, ҿыц илганы рзырҳара, рҽырҿыцра. Аҵиаақәа бзиарҭаны ирызҳауеит ирласны, идуны. Цәгьарҭаны реизҳара ԥкуп, ихьысҳауп. Насгьы аҵиаақәа ахьҭацәгьеи амлакреи аныҟоу ирылшоит абыӷькаԥсара, аамҭала ацәара. Аҵиаақәа ахыхьчараз ирымоуп ахыхьчага цәеижьхәҭақәа: абӷажәцәа, аҟәымыӷқәа, афҩыцәгьа, агьама бааԥс, ашҳам, ирхылҵуеит абактериақәа зшьуа афитонцидқәа уб. иҵ. Аҵиаақәа рызҳашьа, рыԥсҭазаашьа ианыԥшуеит иахьану аҭыԥ заҟа ирлашоу. Амра ашәахәақәа ахьзымнеиуа аҭыԥқәа рҿы аҵиаақәа ирызҳауеит икәаданы, риаҵәара маҷны. Уи адагьы аҵиаақәа реизҳара ианыруеит амш заҟароу, аԥхынра мшқәа рхыԥхьаӡара, амра анԥхо амшқәа рхыԥхьаӡара уб. иҵ. алашара иадҳәалоу аҭагылазаашьақәа. Иҟоуп аҵиаақәа амш андуу изызҳауа, иҟоуп амш анкьаҿу азҳара иазыманшәалоу, иҟоуп рыҩбагьы ззеиԥшугьы. Амш андуу изызҳауа аҵиаақәа иреиуоуп аҩададгьылқәа зџьынџьу ача, ақьар, ачаԥшь, акартош. Урҭ ирызҳарц, ишәҭырц азы амш аура 12 сааҭ иреиҳазароуп. Аладатәи аҵиаақәа – амахәыда, абрынџь, абамба, анышәраса уб. иҵ. рызҳаразы амш аура 12 сааҭ еиҳазароуп. Амш аура заҟароу иахьԥшым аҵиаақәа иреиуоуп апатырџьанқәа, алымҳардагәа уб. иҵ. Хыхь иаҳҳәаз амзызқәа ирыхҟьаны аҵиаақәа ршоит х-гәыԥкны: алашара бзиа избо; ашәшьыра зычҳауа; ашәшьыра бзиа избо, ҳәа. Алашара бзиа избо аҵлақәа иреиуоуп амзаҵла, аҵааҵла, агәыркаԥса, абӷьыршәшәа, ахьаца, аџь уб. иҵ. Алашара бзиа избо иреиуоуп ауҭраҭыхтәи абаҳчатәи аҵиаақәа, иара убас аӡышәҭыши аӡышәҭ ҩежьи. Ашәшьыра зычҳауеи, бзиа избои иреиуоуп аԥсаӡҵлақәа, аҭәаҵлақәа, арасаҵлақәа, – ачықьқәа рахьтә – ашьхарпаҿ, ақәыцыш, адыӷаџьа, ахәажәа, абжьынҵ уб. иҵ. Ашәшьыра бзиа избо аҵлақәа – аԥсаӡқәа, рымҵа азҳара рылшоит аҭырасқәа, ашыцламшәқәа. Ашәырбаҳчақәа рааӡара напы азыркуа ирдыруазароуп еиуеиԥшым ашәырҵлақәа алашара еиԥшымкәа ишырҭаху. Аҵиаақәа реиҭаҳараан, ацәаҳәақәа рыҭбаареи аҵиаақәа рхибаҩареи азгәаҭаны збаҳча шьақәзыргыло, аҽаҩра бзиа иоуеит. |
Аботаника | Абота́ника (Ажәа «аботаника» абырзен бызшәа аҟынтә иаауеит – «ботане» иаанагоит аиаҵәара, аҳаскьын, аҵиаа ҳәа) — аҵиаақәа рҵара иазкуп. Аҵиаақәа рҵара аанеилышәкаауеит урҭ ирыԥсҭазаашьоу, адәахьалеи рыҩныҵҟалеи ишеиҿартәу, рыҿиашьа, адгьыл аҿы иахьуԥыло, хәарҭарас ирылоу, иахьану аҭыԥ ишаныруа убас иҵ. |
Амикроскоп Аҭоурых | Зыԥсы ҭоу ацәеижь аԥсҭазаашьа аилкааразы адәахьала ахәаԥшра мацара азхом. Ибатәуп, еилкаатәуп уи аҩныҵҟа злы- ху ацәеижьхәҭақәа шеиҿартәу, аус шыруа. Ауаҩы ибла еилкаа- ны иабоит иҟәазу амаҭәарқәа. Ацәеижь злыху амаҭәашьарқәеи ахацқәеи убысҟак иссоуп, ардугала уахәамԥшыкәа иубом. Аҵиаақәеи аԥстәқәеи рцәеижьқәа рыхәаԥшразы рхы иадырхәоит алупеи амикроскопи. Алупа захьӡу ардуга маҭәар ихәыцит Афанасии Кирхер XVII ашәышықәса алагамҭазы. Уи шьақәгылоуп ҩ-хәҭакны. Изхәаԥшуа, ирдуны ирбарц ирҭаху амаҭәар иақәыркуа, зыҩганк ылгәыгәу асаркьалых алинза иамоуп излаукыша амаа. Алупақәа ыҟоуп ихәыҷуи, идуи. Урҭ ирылшоит ардура 2-нтә инаркны 300-нтә рҟынӡа. Лупала акы иахәаԥшуа амаа кны асаркьа далԥшуа иазааигәеитәуеит дызхәаԥшырц ииҭаху амаҭәар цқьа ибо иҟалаанӡа. Алашаратә микроскоп захьӡу ардуга маҭәар алшарақәа еиҳауп. Уи иалшоит 3600-нтә рҟынӡа ардура. Иҟоуп аелектронтә микроскопқәа жәанызқьла азырҳара зылшо. Урҭ хархәара рзыруеит аҭҵааратә лабораториа дуқәа рҿы. Амикроскопқәа рыҟаҵашьа ауаа ирдыруеит XVII ашәышықәса аахыс. Усҟан зегьы иреиӷьуп ҳәа ирыԥхьаӡон Голландиатәи аҟаза Антони ван Левенгук иҟаҵамҭа. 1665 шықәсазы англыз ҵарауаҩ Роберт Гук микроскопла зегьы раԥхьаӡа акәны дахәаԥшит апробкаҵла ацәа. Уи уаҟа иибаз аҿаԥарақәа ибеит микроскопла данахәаԥш амҵырбӷьы агәыцә аҿгьы. Ашьҭахь уи дрыхәаԥшуан аҷых (морковь), ауапа- лашьшьы, аҭырас убас иҵегьы акыр аҵиаақәа рыҩныҵҟатәи ргәыцәқәа. Иибоз асахьақәа акырџьара еиԥшын. Ақьырмыт хәыҷқәа реиԥш еиваԥсаны иибоз ацыра иахьӡиҵеит цитос – аԥсышәала уи иахьӡуп ахац (урысшәала – клетка). Аҵиаақәа адәахьала еиԥшӡам, аха рызегьы излыху излашьақәгылоу ахацқәа рыла ауп. Ахац зхала аҟазаара зылшо, зхала ау- сура зылшо, зыԥсы ҭоу, ацәеижь злашьақәгылоу, иреиҵоу цәеижьхәҭоуп. Уи иамоуп ахатәы еиҿкаашьа. Амикроскоп ала ахац аиҿартәышьа аҵара еиҳа имариоуп. Уи ирдуны иунарбоит ауаҩы ила иазгәамҭо ахац аформеи ишеиҿартәуи. |
Аҭлаԥс | Аҭлаԥс аха Аԥсардаҳан () — Аԥсны аҿықуан амшын иҭоуп. Ԥсыӡ хуҷуп: аура 10-12 сантиметр ыҟоуп. Араӡын ԥштәы амоуп. Азқәа цәиаҵәоуп. Иаҵоит 14 нызкь инадыркны 90 нызқь кутаӷь рҟынза. |
Џьамтәыла | Џьамтәыла, Иран (, Иран, IPA:ʔiːˈɾɒːn), аофициалтә хьӡы: Аисламтә Республика Џьамтәыла (, Џьомҳурие Еслаамие Иран, IPA: dʒomhuːˌɾije eslɒːˌmije ʔiːˈɾɒn) — Азиатәи аҳәынҭқарра. |
Ааԥын | А́аԥын — акы ԥшь-ашықәс аамҭак рҟынҭә, аӡынеи аԥхынеи рыбжьара. Ааԥын мзақәа роуп: Хәажәкыра, Мшаԥы, Лаҵара. Ааԥын илаумҵаз, хкаарчан иузҭагалом (), «(то), чего весной не посеял, того не пожнёшь осенью». |
Алаҳаӡы Агеографиа | Аҳәаақәа: аҩада — ԥсахара; амрагыларахь — Бзыԥ ақыҭа, Бзыԥ аӡы; алада — Бзыԥ аӡы, амшын; амрааҭашәарахь — амшын, ԥсахара; Алаҳаӡы инхо еиҳарак ерманцәоуп, урҭ ара аԥхьаӡа иааиҭ 1913 шықәсазы. |
Алаҳаӡы Аҭыԥқәа | Абаажә ду — Алаҳаӡы ақыҭа агәҭахьшәа Ҳашныха ҳәа иахьашьҭоу иҟоуп, даара кры зхыҵуа ауахуама дуқәа ҩба еилабганы еивоуп; Аԥшьлаа инхарҭа — Алаҳаӡы акәара ахахьы; Аҳду икыра — Алаҳаӡы амраҭашәарахь. Апитомники акәтыааӡарҭеи ахьыҟоу. Ахду ҳәа зыӡбахә аҳәо «Великий Князь Александр Михаилович» ҳәа изышьҭаз иоуп, уи араадгыл ԥыҭк идыԥхьаӡалан, уахаԥш; Ацитрус совхоз — Бзыԥ аӡы иавоуп аргьарахь ала Аҭыӡҭа инаркны амшын аҟынӡа, даара акры аҵанакуеит. 1895 шықәсазы ара адача ашьапы икит аурыс аҳ иҿы аҳара змаз амал уаҩы Игәмен, уи абаҳча ду еиҵеиааӡеит, афымца станциа иргылеит, акипористтә алеиақәа ҟаиҵеит, иара даныԥсгьы ара дыржит; Дерникиан итәы — Шавров итәы ҳәа иахьашьҭоу; Иналаа рашҭа — Инал-иԥа иадгьыл ҳәа иахьашьҭоу Алаҳаӡы армарахь амшын аганахь; Инал-иԥаа радгьыл — дгыл ҭбааны Алаҳаӡы акәара иаван амшын аҟынӡа; Ҳашныха — Алаҳаӡы агәҭахьшәа ауахәама хыҽҽыра ду ахьыҟоу акәша-мыкәша; Цитрусовыи совхоз — уахәаԥш Ацитрус совхоз; Шавров итәы — Дзыҩӡыхь иаван аргьарахь ала, XX ашәышықәса алагамҭазы ара адача иман аурыс малуаҩ Шавров; Шавров поле — уахәаԥш Шавров итәы; Шмид — Алаҳаӡы акәара аргьарахь ала иавоуп, ажәытә ара иҟан Шмидт ҳәа малуаҩык идача. |
Амзара Агеографиа | Аҳәаақәа: аҩада — Мԥаадрыԥсҭа; амрагыларахь — Ҳышԥсы; алада — амшын; амрааҭашәарахь — Гьачрыԥшь. Амҳаџьырра ашьҭахь ари аҭыԥ зны «Пиленково-5», зны «Ермоловка», «Ермоловск» ҳәа иашьҭан, 1948 шықәсазы «Ермоловка» ԥсахны «Хеивани» ахьӡырҵеит. 1992 шықәсазы ажәытә хьӡы «Амзара» шьақәыргылан. |
Хрушьчов, Никита Сергеи-иԥа | Никита Сергеи-иԥа Хрушьчов (; , Калиновка, Дмитриевтәи ауезд, Курсктәи агуберниа, Урыстәылатәи аимпериа — , Москва, СССР) — асовет ҳәынҭқарратә усзыҩ. |
Аҳҭнықалақь | Аҳҭны́қалакь — ароль административтә центри аҵакырадгьыл асимволи рықалақь ауп. Иазҷыданы ари ма атәыла, ма ахаланапхгаратә хәҭа рцентр иҟоуп. |
Агеографиатә акоординатқәа Агеогра́фиатә акоордина́тқәа | Аладатәи (шьыбжьырхара) аҭбаара — л.ҭ. (ю.ш.); Аҩадатәи (жәҩанҵәырхара) аҭбаара — ҩ.ҭ. (с.ш.); Амрагыларатәи аноурылара — м.н. (в.д.); Амраҭашәаратәи аноурылара — м.н. (з.д.). |
Ноӷаидели, Зураб Темур-иԥа Абиографиа | 1988 шықәсaзы Москвaтәи Ломоносов ихьӡ зху aҳәынҭқaррaтә университет физикa aфaкультет дaлгеит. 1988-1998 шықәсқәa рaaн Қырҭтәылa aҭҵaaрaдыррaқәa рaкaдемиa Вaхушти ихьӡ зху aгеоргaфиa aинститут aлaборaнт еиҳaбыс дыҟaн. 1989-1990 шықәсқәa рaaн Естониa aҭҵaaрaдыррaқәa рaкaдемиa aгеологиa aинститут aҿы aстaжиорс дыҟaн. 1982-1992 шықәсқәa рaaн Қырҭтәылa aҭҵaaрaдыррaқәa рaкaдемиa Бaҭымтәи Нико Берӡенишвили ихьӡ зху aҭҵaaрaдыррaтә институт aҭҵaaрaдыррaтә усзуҩ еиҵбыс, aлaборaториa нaпхгaҩыс aус иуaн. 1992-1995 шықәсқәa рaaн Қырҭәьылa aпaрлaмент aлaхәылaс, Қырҭтәылa aпaрлaмент aԥсaбaрaхьчaреи aԥсaбaрaтә ресурсқәи рхеилaк дaхaгылaн. 1995-1999 шықәсқәa рaaн Қырҭтәылa aпaрлaмент aлaхәылaс дыҟaн. 1996-1997 шықәсқәa рaaн Аҷaрa aтономтә республикa иреиҳaӡоу aхеилaк aaлхәылa. 1999 шықәсa aбҵaрa инaркны 2000 шықәсa лaҵaрaмзaнӡa Қырҭәтылa aпaрлaмент aлaхәылa aшәaхтәқәеи aхaшәaлaхәқәеи рхеилaк aхaнтәaҩы. 2000 шықәсa лaҵaрa инaркны 2001 шықәсa aбҵaрa 1 aҟынӡa Қырҭтәылa aфинaнстә министрс дыҟaн, 2002-2003 шықәсқәa рaaн aкционертә еилaхәырa "Жәлaртә бaнк" aхылaԥшрaтә хеилaк aлaхәылaс дыҟaн. 2003 шықәсa мшaҩымзa инaркны aбҵaрaнӡa aсолидaртә ҭaкԥхықәрa змоу еилaзaaрa "Дaмениa, Вaршaломиӡе, Ноӷaидели, Қaвҭaрaӡе" aпaртренс дыҟaн. 2003 шықәсa aбзaрa инaркны 2005 шықәсa жәaбрaн aҟынӡa Қырҭтәылa aфинaнстә министрс дыҟaн. 2005 шықәсa жәaбрaн инaркны 2007 шықәсa aбҵaрaнӡa Қырҭәтылa - Аԥызa-министрс. Идыруеит aнгылз бызшәеи aурыс бызшәеи. Аҭaaцәaрa дaлоуп, ԥa-зaҵәык димоуп. |
Гургениӡе, Владимер Иракли-иԥа Абиографиа | 2006 шықәсa лaҵaрaмзaзы Лaдо Гургениӡе "Қырҭтәылa aбaнк" aхылaԥшрaтә совет, релaзaaрa aхaнтәaҩыс дaлырхит. Ахылaԥшрaтә СОВЕТ aхь aлхрaнӡa 2004 шықәсa жьҭaaрa инaркны Лaдо Гургениӡе "Қырҭтәылa aбaнк" aдиреқтор хaдaс дыҟaн. Иaрa убaс, Лaдо Гургениӡе "Гaлт енд Ҭaггaрт сиқиуриҭи" "Гaлт енд Ҭaггaрт кaпитaли" aхылaԥшрaтә aхеилaкқәa дырхaнтәaҩуп, Қырҭтәылa aфондтә биржa aхылaԥшрaтә aхеилaк дaлaхәуп. Хы-шықәсa рыҩнуҵҟa Лaдо Гургениӡе aгәыԥ ӷәӷәa еизгaрa илшеит, aри aгәыԥ aлaхәыҩцәa "Қырҭтәылa aбaнк" aҿы aусурa иaлaгaaнӡa "Еи Би Ен Амрои", "Иу Би Еси", "Голдмaн Сaнқси" , "Кредит Суиси" , "Номуреи" , "Доиче бaнки", "Моргaн Стенли", "Рaифaизени" , "Иуникредити" , "Џьеи Ԥи Моргaни", aдунеи aҿы идыру егьырҭ еилaхәырaқәa рҿы aус руaн. Агәыԥ aлaхәыҩцәa рыбзоурaлa,"Қырҭтәылa aбaнк" 25 миллион доллaр иaҟaрaз aбaзaртә кaпитaлизaциеи ишебгоу aқтивреи рылa, 18 процент aбaзaртә хәҭa змaз, aҭыԥaнтәи aфондтә биржa aлистинг aҿы иҟaз еилaхәырaҟынтә 925 миллион aмерикaтәи aдоллaр aбaзaртә кaпитaлизaциеиишеибгоу aқтивреи рылa, 34 процент aбaзaртә хәҭa змз, Лондонтәи aфондтә биржa aлистинг aҿы иҟaз Қырҭтәылеи Укрaинеи рҿы иуниверсaлу бaнкны иҟaлеит. "Қырҭтәылa aбaнк" aкционерцәa 85 р-процентк aтәымтә aинвестициaтә фондқәa иртәуп. "Қырҭтәылa aбaнк" aдиректор хaдaс дҟaлaaнӡa, Лaдо Гургениӡе "Путнaм Ловелл" aҿы aныҟәгaрaтә диреқторс, Европa aрегионaлтә менеџьерс дыҟaн. Уaaнӡa Лaдо Гургениӡе "ЕиБиЕн Амро" aҿы еиуеиԥшым aҭыԥқәa aaникылон, урҭ рыбжьaрa aныҟәгaрaтә диреқтори, aтехнологиaқәa рсеқтор aкорпорaтивтә финaнсқәa рдиреқторс (2001-2003), Европaтәи aбaзaр aҿы aрхиaрaқәеи aидкылaрaқәеи рнaпхгaҩыс (1998-2001). 1993 шықәсaзы Лондон aхь иaсрaнӡa, Лaдо Гургениӡе "ЕиБиЕн Амро" aҿы Урыстәылеи Ихьԥшым Аҳәынҭқaррaқәa реиҩызaрaҿ aкорпорaтивтә финaнсқәa рыҟәшa нaпхгaрa aзиуaн (1997-1998) Лaдо Гургениӡе икaриерa "Миис Ԥиерсон" aгәҭaнытәи Мрaгылaрaхьтәи Европa aкорпорaтивтә финaнсқәa рыҟәшaҿы дaлaгеит. Лaдо Гургениӡе Қaрҭтәи Ив. Џьaвaхишвили ихьӡ зху aҳәынҭқaррaтә университети Миделбертәи aколлеџьи дырҭaн, бизнес aдминистриррaҿ aмaгистр иҩaӡaрa Емортәи aуниверситет Гоизуетaтәи aбизнес школ aҿы иоуит . 2007 шықәсa aбҵaрa 22 инaркны 2008 шықәсa жьҭaaрa 27 рҟынӡa Қырҭтәылa аԥызa министрс дыҟaн. Идыруеит aнгылз бызшәеи aурыс бызшәеи. Аҭaaцәaрa дaлоуп, хҽҩык aхшaрa димоуп. |
Барселона (ашьапылампылтә клуб) Ашьапылампылтә клуб «Барсело́на» (, , (зегьы ирдыруеит «Ба́рса» еиԥш) — | Каталониатә апрофессионалтә ашьапылампылтә клуб, Испаниаҿы, адунеи зегьыҿы зегь реиҳа ахьӡ-аԥша амоуп. Еиҿкаан 1899 шықәсазы швеицариатәы, британиатәи, испаниатәи, каталонтәи ашьапылампыл асыҩцәа рыла Жоан Гампер инапхгарала. Ари аклуб Каталониа иасимволхеит, убри аҟнытә иаауеит иара адевиз - Mes que un club - more than a club. Барселонатә афанатцәа зегьы ирдыруеит cules ҳәа. «Барселона» Испаниа иамоуп зегьы реиха ирацәаны атитулқәа - 67. «Барселона» х-командак иреуп, испаниатәи чемпионат ишыҟац иаауеит. Егирҭ аҩба Реал Мадридеи Атлетикеи Бильбао роуп. Убри аклуб ахада астадион - «Камп Ноу» дыҟоуп, зегь реиҳа иҭбааҭыцә истадионуп Европаҿы. 9 ажьырныҳәазы 2009 шықәсазы Барселона иԥсахит азыҟацаратә аҭыԥ, ари иахьӡуп «Сиудад Депортива Жоан Гампер». 2012 шықәсазы акаталонцәа иаҵирҩааит хәышықәсатәи ақәшаҳаҭратә Qatar Foundationеи дареи, рдырга рымаҭәақәа иахьанырҵуаз азыҳәан € 30 млн иассышықәса. 5 аре шуркынмонэ валтӥсь тренерез 2021 «Барселона» командалэн капитанэз луэ учыр пусъемын Хави, тренировать каро катарский вазь со «Аль-Садда». |
Барселона (ашьапылампылтә клуб) Ахантəаҩыс даалхуп Жоан Гампер (1908-1926) | Аклуб азыыртыс дреиуп 1908 шықәсы азы ԥасатәи форвард Жоан (Хоан, Ганс) Гампер раԥхьаӡатәи ашьапылампылатә клуб президентс. Убри ҟалит аклуб инҭахоз аамҭазы: 1905 шықәсазы Каталониа аиааира анага ашьҭахь, убри аклуб хәы-шықәса трофеида иҟан, афинанстә ҭагылазаашьа даара ицәгьан. Нас Гампер хәы-шықәса рыҩныҵҟа президентс далархуан. Гампер зегь иреиханы иҟаицыз Барселона иахьаиуаз ахатәы стадион. 1909 шықәсазы хәажәкыра 14 Барселона иасит Carrer Indústria стадион ахь, уи астадион 8000 ауаа акәан. |
Барселона (ашьапылампылтә клуб) Кроиф аклуб ахь раԥхьатәи ишьаҿақәа (1974-1978) | 1973-1974 ш.ш. асезон азы акомандаҿы далалеит ауаҩы, «Барселона» ахьыӡ ҭысгыз, легендас иҟалаз - голландатәи ажәылаҩ их. Аиакс раԥхьаӡа зыхьыӡ дуухаз мастерк иаҳасабла, Кроиф зныкала дҟалеит акоманда аԥхьагылаҩс. Иара ирласны дҟалеит Барселонатәи афутбол ахәаԥшеҩцәа бзиа дырбеит иара ихәмарразыҳәан, еиҳараӡак иара«Реал Мадрид» акәымкәа, «Барселона» иахалеихаз, избан агәзар уи ихы иаҭеимшьит аклуб Франко ихьиӡ зыдҳәылас аҿы ахәмарра. Насгьы, ԥыҭрак ашьҭахь ихылҵыз иԥа каталониатә ахьыӡ Жорди ииҭеит. |
Барселона (ашьапылампылтә клуб) Гвардиола иааиреи иҿыцу аииаирақәеи (2008-2012) | Аԥхын 2008 шықәсазы акоманда напхгаҩыз ҟалоит зегь еицырдыруа Хосеп Гвардиола, иара иааира иадҳәалоуп аилазаара арҿыцра. Акоманда иқәцоит Джанлука Ӡамбротта, Лилиан Тиурам, Эдмилсон, Деку, Эскерро, Роналдиньо. Дара ацынхәра «Барса» ирҳаит Даниел Алвес, Сеиду Кеита, Александр Глеб, Жерар Пике. |
Месси, Лионел | Лионе́л Андре́с Ме́сси (; , Росарио, Аргентина) — аргентинатә ашьапылампыласҩы, ашьапылампыл клуб «Барселона» ажәылаҩ, 2011 шықәсы аахыз дҟаҵоуп - амилаҭтә Аргентинатә команда капитанс. Иа дыԥхьаӡоуп адунеиаҿы зегьы иреӷьу ахәмарҩыс. Месси дааӡан «Барселонатәи» ашьапылампыл академиа, раԥхьатәи акоманда аҿы 17-шықәса аахыз дыхәмаруеит. 2005, 2007-2013, 2015-2016 ашықәсқәа рзы Месси дыԥхьаӡан иреиӷьу ашьапылампыласыҩс Аргентина аҟны, 2007, 2009, 2010, 2011 шықәсқәа рзы иа дыԥхьаӡанн иреиӷьу ашьапылампыласыҩс Ла Лигаҿы. 2009 шықәсазы дыԥхьаӡанн иреиӷьу ашьапылампыласыҩс Европатәи аклубтәи ашьапылампыл аҿы, убри ашықәсазы иреиӷьу ажәылаҩс дыԥхьаӡан. Убасҟангьы иаҭашьахеит «Ахьтәы ампыл» иреиӷьу Европатәи ашьапылампыл асыҩҳәа, насгьы «Абрилианттә ампыл» адунеи аҿы зегь иреӷьу ашьапылампыласыҩҳәа. Иреиӷьу ашьапылампыласыҩ 2010 шықәсазы. 2011 шықәсазы Лионел дыԥхьӡан Европатәи иреӷьу ашьапылампыласыҩс. |
Ахәарҭлаӷь | Ахәарҭлáӷь, авампир (), ма aҟәарҭлаӷь — Европатә жәлар мифологиаҿы аԥсы дыҟоуп, уахынла дгылoит анышәынҭәра аҿынтә, зны-зынла ахәлыԥҵыс иҿаԥшылараҿы, ауаа ашьа ицәеит. Ахәарҭлаӷь лассы-лассы дҟалалоит акинематографиаҿеи асахьаркыратә литература аҿы. |
Асланбыҭә | Áсланбыҭәқәа () — ииаӡаахьо хшыла иҩычо, аҵааршәыра аамҭазы инхоз. Урҭ роура: 5.5 метрак иҟоуп, рыкапан 10-12 тон. |
Цыгәба, Кораи | Кораи Џьенгиз (Цыгәба), Кораи Ацыгәба (, диит Кассел, Германиа) — Европа ачемпион ММА аверсиа ала ҳџьынџьуаҩ. |
Диоген Синоптәи | Диоген Синоптәи (; ҳ. ҟ. 412 инарзынаԥшуа, Синоп — рашәара 10, ҳ. ҟ. 323, Коринф) — иара убасгьы еицырдыруа Диоген киник еиԥш (, Diogenēs ho Kunikos) — ажәытәбырзен философ, киникцәа рышкол ашьаҭакҩы Антисфен иҵаҩы. |
Диоген Синоптәи Ибиографиа | Диоген иԥсҭазаара ашәҟәы ианиҵыз Диоген Лаиерттәи ахыҵхырҭа хада дыԥхьаӡоуп. Уи ажәытәбырзен философцәа ирызку (хәҭакала иҵабыргым) анекдоттә шәҟәы еиқәиршәеит. Ашәҟәынҵара инаақәыршәаны философ Диоген иаб Гекеси дыԥсахҩын. |
Линнеи, Карл | Карл Линнеи (, ; , Расҳулт, Швециа — , Уппсала) — ашвед биолог, аус ӷәӷәала иџьабаа адиҵыз зыԥсы ҭоу рыхкқәа ахьӡқәа рыҭара. Уи иаԥыиҵаз аԥҟарала аҵиаақәа зегьы ирымоуп латин бызшәала ицәажәо, ҩажәак рыла ишьақәгылоу ахьӡқәа. Линнеи 1735 ш. иҭҵааны ахьӡқәа рыҭаны ашәҟәы ианиҵеит 4000 иреиҳаны аԥстәы хкқәеи акыр нызқь хкы аҵиаақәеи. Уи ишәҟәы "Аҵиаа хкқәа" захьӡыз аҿы аҵиаа иазкны аиҭаҳатә ахьаницоз авараҿы ианиҵон ҩажәазацәык. Раԥхьатәи ажәа иаанагон аҵиаа шьҭрала изеиуаз ахьӡ, аҩбатәи ажәа - аҵиаа ахкы ахьӡ. |
Абокс | Або́кс () — аидкьысларатә аицлабрақәа рыхкы, алахәцәа анапҭырԥақәа змоу ҭаҷкәымала еисо мҩаԥысуеит. Рефери жәеҩа раунд ицо аисра гәеиҭоит. Аӡә диааиоит иара индаҭлаҩ жәаба секунд инареиҳӡаны дқаҳаны дгылар илымшозар (нокаут), мамзаргьы аҟәаҟәара иоуар аисра ацҵара иалнамышуозар (атехникатә нокаут). |
Ахкәакь Ахықцәақәеи акәақьқәеи | Традициала ахкәакь ахықцәақәа идыргоуп латин нбанқәала A, B, C. Раԥхьа ишьҭоу акәақькәуа латинской нбанқәа хәыҷкәала a, b, c. |
Гаи Иулии Цезар | Гаи Иулии Цезар (, иҵабыргу ахьӡ Каисар; , Рим — , Рим) - ажәытәурым аҳәынҭқарратә политикатә усзуҩ, ар рәихабы, ашәҟәыҩҩ. Иули Цезар диит ажәытәтәи патрициатә Иулиаа рыжәлаҿ. Урҭ ируын Римаҿ акыр иаԥсоу арол. |
Ашьапылампыл | Ашьапы́лампыл/Футбол ( "ашьапыи ампыли") — акомандатә хәмарра, ихадоу хықәкыс иамоу аиндаҭлаҩцәа реиҳа амԥылқәа ҭадыршәарц. Ампыл ҭаршәара иҟалоит шьапыла, хыла, егьырҭ ацәеижьхәҭақәала, наԥқәа рыда. |
Иԥштәылоу амшынқәа | Иԥштәылоу амшынқәа - ари атермин рхы иадырхәоит Адунеиаҿ иҟоу амшынқәа ргәып азы, зыхьӡқәа рҟны аԥшәы иахьыуԥшауа. Амшын Еиқәа - Атлантикатә амшынду бассеин аҩныҵҟатәи амшыноуп.(ақәӡара аҵанакоит 422 000 км², еиҳаӡоу аҵаулара иамоуп 2210 м, бжьаратәалатә 1240 м) Амшын Ҩежь - Амрагыларатә Азиа иҟоу амшыноуп. (ақәӡара аҵанакоит 416 000 км², еиҳаӡоу аҵаулара иамоуп 106 м, бжьаратәалатә - 40 м) Амшын Шкәакәа - Урустәыла европатәи ахәҭа аҩадатәи иаҵанакуа амшыноуп (ақәӡара аҵанакоит 90 000 км², еиҳаӡоу аҵаулара иамоуп 343 м, бжьаратәалатә 67 м ). Амшын Ҟаԥшь - Африкеи Аравиатә Адгьылбжьахабжеи рыбжьара ишьҭалоу амшыноуп(ақәӡара аҵанакоит 430 000 км², еиҳаӡоу аҵаулара иамоуп 2211 м, бжьаратәалатә 490 м) |
Агьежь | А́гьежь — икәымпылоу, ахы иақәиҭны агәҵәы акәша-мыкәша иҵәиуа адиск оуп. Агьежь аидарашьҭыхгаҿ акомпонент хадоуп. Уи фба имариаӡоу амеханизмқәа руакуп. |
Ахамелеонқәа Азеиԥш ҟазшьарбага | Ахамелеон ашьапи, аҵыхәи ххоуп. Ацәеижь аура 30 см иҟоуп. Аҳәсеи, ахаҵеи ахамелеонқәа рыԥшра зынӡа еиԥшым. Аб еиҳа ашьапы ххуақәа амоуп. Ахамелеон абла дуқәа амоуп. Ахамелеон аблақәа 180 градус иҵәиуеит. Уи иалшоит ҭыԥк аҟны игылазар, имҵысыкуа, аганқәа зегьы рахь инаԥшы-ааԥшыр. Уи афатә аԥшаара аҟны иацхраауеит. Хамелеон даараӡа абз ду амоуп. Уи абз иара аура аҵкьыс ҩынтә иаууп. Ахамелеон иалшоит абыз ала инаскьагоу афатә аагара. Ахамелеон абжьы аҳаӡом. Уи иабоит акумзар, иаҳаӡом. Ахамелеонқәа даараӡа ашьшьаҳа иныҟәоит. Урҭ ирласны аиҭаҵра рылшом. Ахамелеон аӡы иӡааҟәрылаӡом, аха уи аӡсышьа аздыруам. Ахамелеон аӡы аҟны еиқәхар ҟалоит, ацәгәырԥа уи аҟәара ахь идәықәнаҵар. Ахамелеон шықәсык ҩынтә ацәа аԥсахуеит. – Аԥҳәыс хамелеон фба инаркны ҩынҩажәа аҟнынӡа акутаӷь шьҭанаҵоит аҭара аҟны. Аҭра аҟаҵара уи ахаҵа хамелеон ацхраауеит. |
Ахамелеонқәа Аԥштәы ԥсахра | Идыруп ахамелеон Иралсны аԥштәы заԥсахуа атәы. Аԥштәы заԥсахуеит ахамелеон? Ма ианбаԥсахуа аԥштәы? Ахамелеон ианшәо, даараӡа ирласны аԥштәы аԥсахуеит. Уи ашәарҭа ианҭагылоугьы аԥштәы аԥсахуеит, ус ала иаҭахуп аӷа аҟнытә аҽыҵәахра. Ахамелеонқәа рыԥштәы рыԥсахуеит амла ианакуа ма аӡы ржәыр анырҭаху. Ахамелеон иангәаауа, уи аԥштәы аԥсахуеит! Шаҟа игәаауа аҟра убрысҟак ацәа аԥштәы еиҳа ишкәакәахоит. |
Ахамелеонқәа Анызарҭа | Ахамелеонқәа реиҳарак адгьылбжьаха Мадагаскари, Африкеи, агәыла адгьылбжьахақәа рҿыи инхоит. Ахамелеон ахкы рацәа ыҟоуп: урҭ шьоукы, Испаниа, Сириа, Арабтәылагьы инхоит Хамелеон аԥсҭазаара аҵас Ахамелеонқәа еиҳараӡак аҵла аҟны инхоит. Урҭ адгьыл ахь зынӡа илыбааӡом уҳәар ҟалоит. Иҟоуп хкык, уи адгьыл аҟны ауп иахьынхо. Арҭ ахамелеонқәа лассы абӷьқәа рҟны ицәоит, ма аҭыҩраҿы. Ахамелеонқәа шьоукы ашышкламс аҭра аҟны ацәара бзиа ирбоит. |
Аокеан | Аокеа́н, Амшы́нду ( ажәытәбырзен анцәахәы Океан ихьӡантә) — аӡы аҭагьежьратә система змоу идуӡӡоу аӡытә обиектуп, Адунеитә аокеан ахәҭоуп. |
Апалиндром | Апалиндром (ажә.бырз. πάλιν - "шьҭахҟа", ажәа.бырз. δρóμος - "аныҟәара") - ҩхырхартак еиԥшны уаԥхьартә иҟоу арыцхә, анбанеицааира, ажәа ма атекст оуп. Иаҳҳәап арыцхә 404; ажәеи "аркра" аԥсуа бызшәаҿы, финтәи ажәеи "saippuakivikauppias" (асапынтиҩы) - адунеиаҿ зегь реиҳа ихәхәоу ажәа - палиндром, атекст "Ари - Ина, ани - Ира" убас егьырҭгьы. |
8 (аҵакырацәара) | 8 — анатуралтә ахыԥхьаӡара ааба. «8» — восьмой студийный альбом группы Мумий Тролль. Восемь — венгерская художественная группа. Восемь — американская художественная группа. Восемь — чешская художественная группа. |
8 (аҵакырацәара) Ахронологиа | Ҳ. ҟ. 8 — последний год I века до н. э. 8 — первый год I века. |
Латвиа | Латвиа (), аофициалтә хьӡы: Латвиатәи Ареспублика () — Европаҟны аҳәынҭқарра. Аҵанакы – . Аҳәынҭқарра иаланхо – . |
Ҳаџьымба, Рауль Џьумка-иԥа Абиографиа | Диит хәажәкырамза 21, 1958 шықәса рзы, Тҟәарчал ақалақь; 1975 шықәсазы далгеит Тҟәарчалтәи ахабатәи абжьаратә ашкол; 1976-1978 шш. Асовет ар ахаҭақәа рҿы аррамҵзура дахысуан; 1984 шықәсазы далгеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет, азиндырратә факультет; 1986 шықәсазы аҵара иҵон Минсктәи СССР аҳәынҭқарратә шәарҭадара аилак ашкол аҟны; 1986-1992 шш. Тҟәарчал ақалақь аҿы Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵура аусзуҩыс дыҟан; 1992-1993 шш. Мрагыларатәи афронт аԥшыхәреи аконтрԥшыхареи рнаԥхгаҩыс дыҟан; 1993-1995 шш. аус иуан Аԥсны аҳәынҭқарра шәарҭадаратә маҵзура аусбарҭвқәа рҿы; 1996-1999 шш. Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аҿы аконтрабанда аҿагыларазы аҟәша аиҳабыс, Ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩыс дыҟан; 1999-2003 шш. Аԥсны аҳәынҭқарра ашәарҭадаратә маҵзура ахантаҩыс, атәылахьчара аминистрс, Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩыс дыҟан; 2003-2004 шш. Аԥсны аԥыза-министрс дыҟан; 2005-2009 шш. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩс дыҟан; 2009-2015 шш. Аԥсны Аҳәынҭқарра ауаажәларра-политикатә партиа «Аԥсны жәлар ракзаара Афорум» ахантәаҩыс дыҟан; 2012 ш. Аԥсны Жәлар реизара адепутатс далхын; 2014 ш. инаркны Аԥсны Ахәынҭқарра Ахадас дыҟоуп; Аинрал-маиоруп, «Леон иорден» ианашьоуп; Дҭаарацәоуп, ҩыџьа ахшара драбуп. |
Ҷанба, Самсон Иаков-иԥа | Самсон Иаков-иԥа Ҷанба (; , Аҭара ақыҭа, Очамчыра араион — 1937) — Аԥсуа шәҟәыҩҩы, адраматург, апоет, апублицист, арккаҩы, аполитик, аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усзуҩы, амилаҭтә литератураҿы адраматургиа ашьаҭаркҩы. |
Ҷанба, Самсон Иаков-иԥа Абиографиа | Диит 1886 шықәса рашәарамза 18 рзы Аҭара ақыҭа Очамчыра араион. Дҭадырхеит 1937 шықәсазы. 1893 шықәсазы С. Ҷанба дҭалеит Драндатәи /Ҵҟыбынтәи/ ауахәаматә школ, уи даналга, Аҟәатәи Ашьхарыуаа рышкол даанахәоит, далгоит 1907 шықәсазы. Иԥсадгьыл ахь даныхынҳә, иара абри ашықәсан, рҵаҩыс аус иуан Кәтол ақәҭан /аҵаҩцәа аԥсшәа риҭон/, аха, дук мырҵыкәа, иусура даҟәыхын, арҵаҩ изанааҭ ахь-имамыз дахырҟьаны. Ашьҭахь, иҵара ацҵаразы, С. Ҷанба ҩаԥхьа Қырҭтәылаҟа дцоит, дҭалоит Хонтәи арҵаҩцәа рсеминариа, далгоит 1914 шықәсазы. Аԥсныҟа даныхынҳә иара абри ашықәс инаркны, ҩаԥхьа Кәтолтәи алагарҭатә школ аҿы аусура далагеит: рҵаҩыс, ашкол ахылаԥшҩыс. 1915 шықәсазы С. Ҷанба диасуеит Аӡҩыбжьатәи ашкол ахь. Абраҟа аҭаацәаратә ԥсҭазаара далалоит, нас, 1916 шықәсазы, диаргоит Аҟәаҟа, Аҟәатәи арҵаҩцәа рсеминариаҿ иеиҿкааз алагарҭатә школ аиҳабыс, иара асеминариаҿ, хазы, аԥсуа бызшәеи агеографиеи рмаҭәарқәагьы дирҵон. Абраҟа аус иуан Аԥсны асовет мчра шьақәгылаанӡа. 1921 шықәса инаркны 1925 шықәсанӡа С. Ҷанба дахагылан аҵара ус азы Жәлар Ркомиссариат /Наркомпрос/. 1923 шықәсазы С. Ҷанба даредакторын агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» - аҵара ус аҿтәи имаҵура иалагӡаны. 1923-1930 шықәсқәа рзы С. Ҷанба Аԥсны Ацентр Нагӡара Комитет /ЦИК/ дахантәаҩуп. 1930 шықәсазы уи ҩаԥхьа аҵара ус азы Жәлар ркомиссарс /министрс/ дҟарҵоит, араҟа аус иуеит 1932 шықәсанӡа. 1934 шықәсазы С. Ҷанба далахәуп СССР Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла Актәи аизара ду. 1932-1937 шықәсқәа рзы С. Ҷанба Аԥснытәи Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла данапхгаҩуп. |
Ҷанба, Самсон Иаков-иԥа Абиблиографиа | Цәгьаӡа дыссирын лара /Апоема «Ашьха ҭыԥҳа» раԥхьатәи ахьз/. Агазеҭ «Аԥсны», 14, 1919 шықәса. Ашьха ҭыԥҳа /Аԥсны/. Акәа, 1925 шықәса. Аԥсадгьылҵара. Арҵага шәҟәы. Акласс еиҵбырақәа рзы. Аҟәа, 1925 шықәса. Иалкаау иҩымҭақәа. Аҟәа, 1934 шықәса. Иалкаақәоу. Аҟәа, 1958 шықәса. Иалкаау. Аҟәа, 1976 шықәса. Иҩымҭақәа. Аҟәа, 1986 шықәса. |
Лакрба, Миха Алеқсандр-иԥа | Миха Алықьсандр (Аҳмаҭ)-иԥа Лакрба (; , Мархьаул ақыҭа, Кәыдрытәи аучастка, Аҟәатәи аокруг — , Москва) — Аԥсуа шәҟәыҩҩы, апоет, адраматург, асценарист, атеатрҭҵааҩы. |
Лакрба, Миха Алеқсандр-иԥа Абиографиа | Диит 1901 шықәса ажьырныҳәамза 19 рзы Мархьаул ақыҭа Аҟәа араион. Иԥсҭазаара далҵит 1965 шықәса ԥхынҷкәынмза 15 рзы. Джуп Аҟәатәи ашьхараҿ, ашәҟәыҩҩцәеи ауаажәларратә усзуҩцәеи рпантеон аҿы. Аҵара иҵон Аҟәа, Ашьхарыуаа рышкол аҟны, уи даналга - Аҟәатәи Ареалтә училишьче аҿы, иреиҳау аҵара-дырра иоуит Қарҭ, 1929 шықәсазы далгоит Қарҭтәи Аполитехникатә институт аиуристтә-економикатә факультет, нас, а-30-тәи ашықәсқәа раан, аҵара иҵоит Москва, акино-драматургцәа ахьазыҟарҵоз Иреиҳау акурсқәа рҿы. Далахәын аҩбатәи адунеитә еибашьра. Антологиаҿ иарбоу М.Лакрба иеицырдыруа иажәеинраала «Дмитри Гәлиа изынасҭиуеит» (абас акәын раԥхьаӡа адунеи анабоз ишахьӡыз) абри аҭыжьымҭаҿ хыс иазалхуп ажәеинраала излалаго актәи ацәаҳәа: «Ушнеиуа унеи!..» 1947-1955 шықәсқәа рзы, харада-барада, аара ӷәӷәа идҵаны дҭакын, доурышьҭит залымдарыла дышҭакыз шьақәырӷәӷәаны. Иҩымҭақәа реизга. Х-томкны. Актәи атом ҭыҵит 1968 шықәсазы, аҩбатәи - 1971 шықәсазы, аҳԥатәи атом зҭымҵыцкәа иаанханы иҟоуп. |
Аҳашба, Мушьни Лаврент-иԥа Абиографиа | Диит 1903 шыҳәса маи 6 рзы, Цақәашь ақыҭа Очамчыра араион. Ицсҭазаара далҵит 1992 шықәса апрель 9 рзы, джуп Абжьакәа. 1918 - 1923 шықәсқәа рзы аҵара иҵоит Акәатәи арҵаоцәа рсеминариаҿ, уи даналга, 1924-1927 шықәсқәа рзы иреиҳау аҵара-дырра иоуеит Москва - Аҳәьгаҭқарратә журналистикатә институт акны. 1938 - 1957шықәсқәа рзы М.Аҳашба Ацсны АССР Иреиҳазоу асовет Апрезидиум дамазаныкәгаоын. Поет ҳасабла акьыцхь аҿы дцәырҵит 1919 шықәсазы. Иалкаақәоу. Акәа, 1957 шықәса. |
Хокерба, Шамил Ибрагим-иԥа | Шамил Ибрагим-иԥа Хокерба (; , Очамчыра, Аҟәатәи аокруг, Кәыдрытәи аучастка — , Лагодехи, Қырҭтәылатәи ССР) — Аԥсуа шәҟәыҩҩы, апоет, апублицист. |
Хокерба, Шамил Ибрагим-иԥа Абиографиа | Диит 1899 шықәса ажьырныҳәамза 20 рзы Очамчыра. Абраҟатәи ԥшьклассктәи аучилишьче даналга дҭалоит Аҟәатәи арҵаҩратә семинариа. Дук мырҵыкәа дҭаркуеит асовет мчра аагара дазықәцон ҳәа аара идҵаны. Уи анаиааи, 1921 шықәсазы, абахҭа дыҭрыжьуеит. 1924 шықәсазы Ш. Хокерба дҭалоит Қарҭтәи аполитехникатә институт, далгоит 1928 шықәсазы. 1941 шықәсазы залымдарыла дҭаркуеит, Аԥснынтә дахыргоит, уаҳагь дзыхынҳәуам. 1978 шықәсазы иҭынхацәа ицсыбаҩ Аԥсныҟа иааганы дахьиз идгьыл гәакьаҿ анышә иамардоит. |
Аԥсны | Аԥсны́, Аԥсынтәыла (, ) — ҳәҭакла-зхаҵо аҳәынҭқарра Амшын Еиқәа алада-мрагыларатә ахықәаҿы шьҭоуп. Аԥсуаа ирыԥсадгьылуп. Аҩада-мраҭашәараҿы Аԥсныи Урыстәылеи, мрагылараҿы — Қырҭтәылеи аҳәаақәа иамоуп. Аԥсны арегион аҩадара-мраҭашәарати, аладатәи анаара ихадоу - Кавказтәи ашьхаеибаркыреи, аҩадатәи-мрагылареи амшын Еиқәа аԥшаҳәеи иахәҭакуп. Иара убас иаҵанакуеит быжь-ҭоурыхтә ҭыԥқәа: имаҷу Аԥсны, Бзыԥ, Гәыма, Абжьыуаа, Самырзаҟан Дал-Ҵабал. Ԥсҳәы Аибга. |
Жәабранмза 4 | Жәабранмза́ 4 (Жәабранмза́ ԥшьба́), Февра́ль 4, Жәабра́н 4 — григориантәи амзар 35 тәи амш ауп. Ашықәс анҵәамҭанӡа иаанхоит 332 мшы (331 мшы ашықәс ду ала). |
Демерџь-иԥа, Оҭар Сааҭбеи-иԥа Абиографиа | диит 1910 шықәсазы Оҭҳара ақыҭа Гәдоуҭа араион. Иԥсҭазаара далҵит 1939 шықәса маи 19 рзы, машәырла /дзықәтәаз амашьына бӷалоит/. Оҭҳаратәи аиҵбыратәи ашкол аҿы аҵара иҵон 1918 шықәсанӡа, нас — Ԥсырӡхатәи ԥшьы-классктәи ашкол аҟны. 1924 шықәсазы дҭалоит Н. Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи аԥсуа школ. Уи даналга, 1929-1931 шықәсқәа рзы аҵара иҵоит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә педагогтә техникм аҿы. Акьыԥхь аҿы дцәырцит 1925 шықәсазы. Ажәеинраалақәеи астатиақәеи. Аҟәа, 1958 шықәса. |
Кеннеди, Џьон Фицџьералд | Џьон Фицџьералд «Џьек» Кеннеди (; , Бруклаин, аштат Массачусетс — , Даллас, аштат Техас) — 35-тәи Еиду Америкатәи Аштатқәа рпрезидент. |
Рузвельт, Франклин Делано | Франклин Делано Рузвельт (, Ҳаид Парк, Ниу-Иорк — , Ворм Спрингс Џорџиа) — 32-тәи Еиду Америкатәи Аштатқәа рпрезидент. |
Еизенхауер, Дуаиҭ Девид | Дуаиҭ Девид Еизенхауер (; , Денисон, Техас, ЕАА — , Вашингтон, ЕАА) — 34-тәи Еиду Америкатәи Аштатқәа рпрезидент. |
Вашингтон, Џьорџь | Џьорџь Вашингтон (; , Бриджес-Крик, колония Виргиния — , Маунт-Вернон, штат Виргиния) — 1 тәи Еиду Америкатәи Аштатқәа рпрезидент. |
Мерилин Монро | Мерилин Монро (; , Лос-Анџьелес, ЕАА — , Лос-Анџьелес, ЕАА) — ашәаҳәаҩ амодель, америкатәи ркиноактриса 1950 шықәсқәа рзы. |
Агрба, Владимир Уасил-иԥа | Владимир Уасил-иԥа Агрба (; , Мгәыӡырхәа ақыҭа, Гәдоуҭа араион, Урыстәылатәи аимпериа — ) — аԥсуа шәҟәыҩҩы, поет, акомҿартә аполитикатә усзуҩы. |
Агрба, Владимир Уасил-иԥа Абиографиа | Диит 1912 шықәса абҵарамза 23 рзы Мгәыӡырхәа ақыҭа Гәдоуҭа араион. Дҭадырхеит 1937 шықәсазы. 1922 шықәсазы В. Агрба дҭалоит Аҟәатәи Аԥсуа школ аинтернат, уи даналга, 1928 шықәсазы, иҵара ацҵаразы Москваҟа дцоит, дҭалоит арабфак (аусуцәеи анхацәеи рхәыҷқәа ҽҳәара кьыҿла аҵара дутә школа иахьахрыжьуаз аҵареиурҭа), араҟа иҵара аныхиркәша, 1931 шықәсазы, дҭалоит Москватәи ажурналистика аинститут. 1934 шықәсазы В. Агрба иҵара нагӡаны Аԥсныҟа дхынҳәуеит. Акьыԥхь аҿы дцәырҵит 1928 шықәсазы. |
Аиба, Антон Гындыжә-иԥа Абиографиа | Диит 1908 шықәса рзы Гәдоуҭа араион Оҭҳара ақыҭан. Иԥсҭазаара далҵит 1931 шықәсазы. Аҵара иҵон иқыҭаҿтәи ауахәаматә, иара убас Лыхнытәи ашколқәа рҟны. 1929 шықәсазы Н. Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи Аԥсуа школ далгоит. 1931 шықәсазы Ан. Аиба Аҟәатәи амузыкатә техникум дҭалоит, алгаха имаӡақәа иԥсҭазаара далҵит. Раԥхьаӡа акәны акьыԥхь аҿы дцәырҵыт 1928 шықәсазы, иара абри ашықәсан иҭыҵыз апоезиатә еизга «Еҵәаџьааҿ». Антологиа ианылаз иҩымҭақәа абри аизгахьтә иаагоуп. |
Касланӡиа, Арушьан Еқәыԥ-иԥа Абиографиа | Диит 1909 шықәсазы Кәтол ақыҭа Очамчыра араион. Дҭадырхеит 1938 шықәсазы. Дҭан Н. Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи Аԥсуа школ / Ашьхарыуаа рышкол/, абрантә Аҟәатәи апедагогтә техникум ашҟа диасуеит, дагьалгоит 1930 шықәсазы. Акьыԥхь аҿы дцәрҵит 1928 шықәсазы. |
Кәыҵниа, Леуарса Бида-иԥа | Леуарса Бида-иԥа Кәыҵниа (; , Аҭара ақыҭа, Кәыдрытәи аучастка, Аҟәатәи аокруг — , Белосток , Белоруссиатәи ССР) — Аԥсуа поет. |
Кәыҵниа, Леуарса Бида-иԥа Абиографиа | Диит 1912 шықәса ԥхынҷкәынмза 31 азы Аҭара ақыҭа Кәыдрытәи аучастка (иахьатәи Очамчыра араион). Дҭахеит 1941 шықәса рашәарамза мзмзы, Белоруссиа, Белосток (уажәы Польша иалоу қалақьуп), аҩбатәи адунеитә еибашьраан. Аҭаратәи ашкол даналга, 1925 шықәсазы Л. Кәыҵниа дҭалоит Н. Лакоба ихьӡ зху Ақәатәи аԥсуа бжьаратә школ-интернат, абраҟа иҵара аныхирқәша /1931/, ԥыҭраамҭак Нхыҵ Кавказтәи арҵаҩратә институт дҭан. уантәи дханҳәны Аԥсныҟа даауеит, аус иуеит Аԥснытәи ашәҟәҭыжьырҭаҟны, аредакциа «Аԥсны ҟаԥшь» аҿы; нас, 1933 шықәсазы, дцоит Москваҟа, даанахәоит Москватәи арҵаҩратә институт. Аҩбатәи акурс аҟны дыштәаз, иааныжьны, 1935 шықәсазы Л. Кәыҵниа дҭалоит А. М. Горки ихьӡ зху Алитературатә институт. Далгоит 1937 шықәсазы. 1938-1939 шықәсқәа рзы Л. Кәыҵниа напхгара азиуеит Аԥснытәи Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла. 1939 шықәсазы арратә маҵурахьы иԥхьоит. Акьыԥхь аҿы дцырҵит 1928 шықәса инаркны. |
Кәыҵниа, Леуарса Бида-иԥа Абиблиографиа | Атәыла ҿиоит. Аколективтә еизга. Аҟәа, 1928 шықәса. Шьаризан. Апоема. Аҟәа, 1933 шықәса. Аамҭа бзиа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1934 шықәса. Даур. Апоема. Аҟәа, 1936 шықәса. Иҩмҭақәа; хаз томкны. Аҟәа, 1955 шықәса. |
Лабахәуа, Леонти Бахәа-иԥа Абиографиа | Диит Река ақыҭа Очамчыра араион. Гәнаҳарала, харада-барада, дҭадырхоит 1938 шықәсазы. Аҵара иҵон иқыҭа гәакьаҿ, ашьҭахь, уаатәи алагарҭатә школа даналга, 1924 шықәсазы быжь-класск змаз Очамчыратәи аԥсуа школ аҿы иҵара наигӡоит, уи даналга, 1928 шықәсазы, Аҟәатәи аҳәынҭқарратә педагогтә техникум данаахәоит. 1932 шықәсазы, дызҭаз атехникум аҿы иҵара хыркәшаны, Л. Лабахәуа дҭалоит абри ашықәсан ҿыц иадырҭыз Н. А. Лакоба ихьӡ зхыз Аҟәатәи Аҳәынҭқарратә педагогтә институт афилологиатә факультет. Абри аинститут ибзианы ҳәа далгоит 1936 шықәсазы. Л. Лабахәуа, ихаҭа излаигәалаиршәо ала, аинститут данҭаз ԥшьышықәса рыҩнуҵҟа напхгара азиуан иара иаԥшьгарала иеиҿкааз алитературатә кружок. Акьыԥхь аҿы дцәырҵит 1932 шықәсазы. |
Лабахәуа, Леонти Бахәа-иԥа Абиблиографиа | Аԥхьатәи ашьвҿақәа. Аколлективтә еизга. Аҟәа, 1934 шықәса. Иҩмҭақәа. Аҟәа, 1958 шықәса. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1980 шықәса. |
Агәмаа, Қьаазым Ҟараман-иԥа Биографиа | Диит 1915 шықәса лаҵарамза аказы, Ӷәада ақыҭа Очамчыра араион. Иԥсҭазаара далҵит 1950 шықәса ԥхынҷкәынмза 8 рзы. Джуп Аҟәатәи ашьхараҿ, ашәҟәыҩҩцәеи ауаажәларратә усзуҩцәеи рпантеон аҿы. Аҵара иҵон Џьгьарда, Аҟәати апедагогтә техникум аҿы. Уи даналга, 1932 шықәсазы, Москва ажурналистикатә институт даанахәоит. Араҟа аҵара иҵоит ҩы-шықәса, нас, 1934 шықәсазы, калининтәи апедагогтә институт аҭоурыхтә факультет ашҟа диасуеит, далгоит 1937 шықәсазы. Далахәын аҩбатәи адунеитә аибашьра. Акьыԥхь аҿы дцәырҵит 1933 шықәса инаркны. |
Ҵәыџьба, Шьалуа Леуарсан-иԥа | Шьалуа Леуарсан-иԥа Ҵәыџьба (; , Тамшь ақыҭа, Очамчыра араион — , Аҟәа) — Аԥсуа шәҟәыҩҩы, апоет. |
Ҵәыџьба, Шьалуа Леуарсан-иԥа Абиографиа | Диит 1912 ԥхынҷкәынмза 18 рзы Тамшь ақыҭа Очамчыра араион. Иԥсҭазаара далҵит 1987 шықәса лаҵарамза 26 рзы. Джуп Аҟәа ашьхараҿ, ашәҟәыҩҩцәеи ауаажәларратә усзуҩцәеи рпантеон аҿы. Иқыҭаҿҭеи алагаоҭатә школ даналга, Ш. Ҵәыџьба аҵара иҵон Гагратәи ашкол-интернат аҿы, нас — Н. Лакоба ихьӡ зху Аԥсуа школ аҟны. 1932 шықәса инаркны иҵара наигӡоит Нхыҵ Уапстыла, апедагогтә институт аҿы. 1935 шықәсазы аинститут ахԥатәи акәрс аҟны дыштәаз дбаандаҩыртәит, иус «ӡбны», Сибраҟа дахыргоит. Егьшихарамыз шьақәыргыланы Аԥсныҟа ахынҳәара азин иуоит 1954 шықәсазы. Акьыԥхь аҿы дцәырҵит 1930 шықәса инаркны. Ипоезиатә рҿиамҭақәа рзы иаҭәашьоуп Д. Гәлиа ихьӡ зху Ареспублика Аԥсны аҳәынҭқарратә премиа /иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь/. |
Ҵәыџьба, Шьалуа Леуарсан-иԥа Абиблиографиа | Аҟама. Аҟәа, 1934 шықәса. Аԥшәма хәыҷы. Аҟәа, 1955 шықәса. Иалкаау. Ақәа, 1957 шықәса. Иалкаау. Ақәа, 1963 шықәса. Маҿа-маҿа. Ақәа, 1966 шықәса. Ацәқәыпԥақәа. Ақәа, 1970 шықәса. Иалкаау иҩымҭақәа. Ақәа, 1972 шықәса. Иалкаау. Ақәа, 1982 шықәса. Апоет иразҟы. Ақәа, 1988 шықәса. |
Папасқьыр, Мушьни Гьаргь-иԥа | Мушьни Гьаргь-иԥа Папасқьыр (; , Кәтол ақыҭа, Кәыдрытәи аучастка, Аҟәатәи аокруг — ) — Аԥсуа шәҟәыҩҩы, апоет, ажурналист, алитератураҭҵааҩ, акритик. |
Папасқьыр, Мушьни Гьаргь-иԥа Абиографиа | Диит 1915 шықәса ԥхынҷкәынмза 30 рзы Очамчыра араион Кәтол ақыҭа. Ипсҭазаара далҵит 1999 шықәса. Джуп Кәтол ақыҭа. Абраҟатәи иҵара анаҩс, 1926 шықәсазы даанхоит Н. А. Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи аԥсуа бжьаратә школ, далгоит 1935 шықәсазы. Иара абри ашықәсан аҵарахьы дцоит Москваҟа, мызқәак аҵара иҵон Арҵаҩратә институт аҟны, нас, аҭоурыхи, афилософиеи, алитературеи ринститут ахь диасуеит, абраҟагьы, мызқәак аҵара ааиҵоны, игәамбзиара иахҟьаны Аԥсныҟа дхынҳәуеит. 1951 шықәсазы М. Папасқьыр дҭалоит А. М. Горки ихьӡ зху Москватәи Алитературатә институт, далгоит 1956 шықәсазы. Акьыԥхь аҿы дцәырҵит 1932 шықәсазы. |
Ашьхарыуа, Иасон Абиографиа | Диит Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭа. А-30-тәи ашықәсқәа рзы аҵара иҵон Аҟәатәи апедагогтә техникум аҿы; абраҟа иҵара шынаигӡоз дычмазаҩхан иԥсҭазаара далҵит /шәахәаԥш абри а6ыжьымҭаҿ икьыԥхьу И. Ашьхарыуа игәаларшәара иазкыу Б. Шьынқәба иажәеинраала: «Абри зпатреҭда ҳәа усзымҵаан...» — иҩуп 1939 шықәсазы/. Антологиаҿ икьыԥхьу Иасон Ашьхарыуа иажәеинраала аагоуп 1934 шықәсазы Аҟәа иҭыҵыз аколлективтә еизга «Раԥхьатәи ашьаҿақәа» аҟнытә. |
Ақаҩба, Даур Вадим-иԥа “Жәларбжьаратәи аимадара аҿиара аҿы илагала ду азы” ҳәа | Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адыргаҷа ианашьоуп. Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика Ахада Идҵала ианашьоуп амедал «Аусураҿ иқәҿиарақәа рзы». Дҭаацәароуп, ҩыџьа ахәыҷқәа драбуп. |
Ақаҩба, Даур Вадим-иԥа Иҵара | 2000 шықәса рзы Башкиртәи аҳәынҭқарратә университет, “Азиндырратә” факультет далгеит (азанааҭ – “адәныҟатәи економикатә усура азинтә еиқәыршәара”). |
Ақаҩба, Даур Вадим-иԥа Ипрофессионалтә биографиа | 1995-2000 шш. – ареферент, Ареспублика Башкортостан аҿы Аԥсны Ахаҭарнакра аҿы абжьгаҩ. 2000-2009 шш. – Ареспублика Башкортостан аҿы Аԥсны Аҷыдалкаатә Зинмчы змоу ахаҭарнак. 2005-2006 шш. – Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрраҿы жәларбжьаратәи аҟәша аиҳабы. 2006-2010 шш. – Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ. 2010-2011 шш. – Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара Аппарат аиҳабы. 2011 ш. – Аҟәатәи иаарту аинститут аҿы азанааҭдырра “Жәларбжьаратәи азин” ала алекциақәа дрыԥхьон. |
Астана Аҭоурых | Акмолинск (1830 — 1961). Целиноград (1961 — 1992). Акмола (1992 — 1998). Астана (1998 — 2019). Нур-Султан (2019 — 2022). |
Ԇ | Ԇ, ԇ (коми ӡе) — кириллтәи аҩыратә архаикатә нбан. Акоми бызшәала 1918, 1932 — 1936, 1938 ашықәса нбан. |
Брежнев, Леонид Илиа-иԥа | Леонид Илиа-иԥа Брежнев (, ; , Каменское, Екатеринославтәи агуберниа, Урыстәылатәи аимпериа — , Заречье, Москватәи аобласт, Урыстәылатәи СФСР) — Асовет ахада. |
Коста-Рика | Коста-Рика (), аофициалтә хьӡы: Коста-Рика Ареспублика () — Аҩадатәи Америкатәи атәылуп. Аҵанакы – . Аҳәынҭқарра иаланхо – . |
Тафт, Уилиам Ҳовард | Уилиам Ҳовард Тафт (, Цинциннати, Оҳаио — , Вашингтон, ЕАА) — 27-тәи Еиду Америкатәи Аштатқәа рпрезидент. |
Ҳаразиа, Адгəыр Рафеҭ-иԥа | Адгəыр Рафеҭ-иԥа Ҳаразиа (, , Баӷбаран, Гәылрыԥшь араион) — Аԥсны аҳҭны-қалақь Аҟәа ахадара аиҳабы (2004-2005, 2014-). |
Ермантәыла агимн | Ермантәыла агимн (Мер Ҳаирениқ) — Ермантәыла амилаҭтә гимн. Агимн амузика аԥиҵеит Барсег Каначиан (1885 — 1967), атекст ажәақәа — Микаел Налбандиан (1829 — 1866). |
Приднестровие | Приднестровие (, , ), аофициалтә хьӡы: Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика (, ) – Европатәи инхаз ихьыԥшым аҳәынҭқарра. |
Акитаи бызшәа Иутԥин | z абжьыҟатә , , , аҽы — = ҷ. c абжьыҟатә , , , аҽы — = ч. s абжьыҟатә , , , аҽы — = шь. |
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа (2019) | Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа 2019 шықәса — афбатәи Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхра Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа инақәршәан Жәлар реизареи Аԥсны аҳәынҭқарра апардаменти аҿҳәара ԥырҵәеит ԥхынгәымза 21 азы амҽыша 2019 ш-зы. Аха анаҩсан урҭ ииаган нанҳәамза 25 2019 ш-зы. Аҳәынҭқарра ахада далырхуеит ишахәҭоу имаӡоу бжьыҭырала хә-шықәса рыҩныҵҟа. Знызынла актәи атур аҿы ишахҭоу алыҵшәа рмоур акандидатцәа, ирзымгар 50% абжьқәа, ҩ-мчыбжьа рыҩнуҵҟа иалагӡан иҟалоит аҩбатәи атур. Иҟоу Аԥсны аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба ихатә кандидатура ықәыргылоит аҩбатәи аҿҳәарахьы. |
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа (2019) Абжьыҭира алыҵшәақәа | Аԥсны ахада иалхрақәа актәи ртур аҵыхәтәантәи алҵшәақәа Алхратә комиссиа хада ирыланаҳәеит. Аҩбатәи атур ахь инеит иахьатәи Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба, уи иоуит 24,83% (20 551 бжьы), аоппозициатә партиа «Амцахара» ахантәаҩы Алхас Кәыҵниа, уи иоуит 22,91% (18 995 бжьы), Олег Аршба изы рыбжьы арҭеит 22,56% (18 668 бжьы). Асҭамыр Ҭарба иоуит 6,89% (5 703 бжьы), Леонид Ӡаԥшьба — 5,97% (4 938 бжьы), Шамиль Аӡынба — 4,32% (3 579 бжьы), Алмас Џьапуа — 2,12% (1 755 бжьы), Артур Анқәаб — 1,7% (1 403), Асҭамыр Какалиа — 1,02% (841 бжьы). Арҭ акандидатцәа рахьтә аӡәгьы атәыла ахадас дырбар рҭахым 1,9% алхыҩцәа — 1 666-ҩык ауаа. Аԥсны ахада иалхразы аҩбатәи атур мҩаԥысит цәыббрамза 8 рзы. Абжьыҭарахь инеиит 65,99% алхыҩцәа. Аҵыхәтәантәи аихшьаалақәа инарықәыршәаны иара изы рыбжьы ирҭеит 47,39%, Алхас Кәыҵниа изы – 46,17%. Зегьы ирҿагыланы рыбжьы арҭеит 3155-ҩык алхыҩцәа. |
Џьапуа, Алмас Севериан-иԥа Абиографиа | Диит ԥхынгәымза 4, 1979 шықәса рзы Аҟәа ақалақь аҿы; 1996 ш. далгеит Аҟәатәи аҩажәатәи абжьаратә школ; 1997-1999 шш. аррамаҵура дахысуан; 1999 ш. д6алеит Ростовтәи аҳәынҭқарратә економикатә университет, амилаҭтәи адунеитәи економика афакультет; 2010-2014 шш. аус иуан ЗҲƏА «АСД - Аргылара» адиректор хада ихаҭыԥуаҩс; 2014 ш. Аԥсны Жәлар реизара V ааԥхьара депутатс далхын; 2017 ш. Аԥсны Жәлар реизара VI ааԥхьара депутатс деиҭалхын. Дҭаацәароуп. Ԥшьҩык ахшара драбуп. |
Ӡаԥшьба, Леонид Иури-иԥа Абиографиа | Диит ажьырныҳәамза 1, 1960 ш. Гәдоуҭа араион Бармышь ақыҭан; 1979 ш. далгеит аҩбатәи абжьаратә школ Гәдоуҭа араион Орџьоникиӡе акыҭан; 1980 ш. Асовет Ар даланы Германиа аррамаҵура дахысуан; 1983 ш. СССР Аҩнаҵҟатәи аусқәа рминистрра иатәу Чебоксартәи амилициа ашкол далгеит. 1983-1990 шш. Томсктәи аобласттә нагӡком Аҩнаҵҟатәи аусқәа русбаҭаҟны аус иуан аоперативтә зинмчы змоу иҟынтәи ашьауԥсаара аҟәша аиҳабы иҟынӡа; 1991 ш. далгеит Омсктәи амилициа иреиҳаӡоу ашкол; 1991 ш. диаган Аԥснытәи АССР ААР ашьаусҭҵааратә усбарҭа аоперативтә зинмчы змоу аусзуҩы еиҳабы имаҵурахьы; 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага инаркны, Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩы В. г. Арӡынба ихьчара аофицер еиҳабыс дыҟан; 1993 ш. Аԥсны ААР аоперативтә ҭакҟаҵара аиҳабыс дыҟан; 1993 ш. Аҳәынҭқарра Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩыс, ақалақь Аҟәа Аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа аиҳабыс, арратә комендантс дҟаҵан; 1995 ш. Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр иҳаҭыԥуаҩыс дҟаҵан; 1996 ш. диаган Аԥсны Аҳәынҭқарратә ашәарҭадаратә маҵзура Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс; 2002-2008 шш. Аԥсны Аҳәынҭқарра ашәахтәқәеи аизгатәқәеи рзы аминистр актәи ихаҭыԥуаҩыс дыҟан; 2008-2011 шш. Аԥсны Ашьампылампыл афедерациа ахадас дыҟан; 2010 ш. Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрс дҟаҵоуп; 2011 ш. амилициа аинрал-маиор ҳәа ахьӡ ихҵан; 2013 ш. иаԥиҵеит «Азакәанреи, аҭышәынтәылареи, адемократиеи рзы ауаажәларратә еиҿкаара» Аԥсны азеиԥшуаажәларратә еидгыла; 2013-2014 шш. аполитикатә усура инапы алакын; Аԥсны аопозициатә политикатә мчқәа ркоодинациатә хеилак далан; 2014 ш. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадаразы икандидатура ықәтылан; 2015 ш. Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрс дҟаҵоуп, амилициа аинрал-леитенант ҳәа ахьӡ ихҵан; 2016 ш. Аԥсны азинхьчаратә усбарҭақәа реимадаразы Ахада иабжьгаҩ имаҵурахьы диаган. Иахьатә аамҭазы, Аҳәынҭқарратә политикатә партиа «Акзаара» ахантәаҩра азииуеит. |
Аӡынба, Шамил Омар-иԥа Абиографиа | Диит лаҵарамза 21, 1970 шықәсазы Аџьариатәи АССР, Баҭым ақалақь аҿы; 1987 ш. далгеит Баҭымтәи абжьаратә аурыс школ №25; 1987-1988 шш. аус иуан Баҭымтәи ахимиа-фармацевттә зауад аҿы усуҩыс; 1988-1990 шш. СССР арбџьармчқәа рҿы дахысуан аррамҵзура; 1990 ш. дҭалеит Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҭоурых-зындырратә факультет, дагьалгеит 1997 шықәсазы «азинҭҵааҩ» изаанаҭ ала: Аԥсны Жәлар Рџьынџылатә еибашьраан акәылӡтәтехника агәыԥ далан. Ианашьоуп «Аԥсны афырхаҵа» ҳәа ахьӡ; 1994 ш. инаркны ашьампыламылтә клуб «Абазг» еиҳабыс дыҟан; 1996 ш. Аҟәатәи алагаратә зауад акомерциатә директорс дыҟан; 1996-2005 шш. абизнеси, ашьампылампылтә клуб «Абазг» арҿиареи инапы рылакын; Мшаԥымза 2005 ш. инаркны Аҿари аспорти русқәа рзы аъәнҭқарратә еилакы ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩс дыҟан; Цәыббрамза 2005 ш. Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада хылаԥшра ззиуаз Аҿартә политиказы аидгыла дахантәаҩхеит; Нанҳәамза 26, 2011 ш. имҩапысуаз Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа рҿы, Ахада ихаҭыԥуаҩрахь кандидатс дыҟан; 2011-2014 шш. ашьампылампылтә клуб «Абазг» деиҳабын; Жьҭаарамза 2014 ш. Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩс даҭан; Цәыббрамза 2016 ш. хатәгәаԥхарала имаҵура ааныжьыт; 2016 ш. дҭалеит РАНХиГС амагистратура «Аҳәынҭқарратәи амуниципалтә усбарҭа» афакультет, аҵара хиркәшеит диплом ҟаԥшьыла 2019 шықәсазы. Ажьырныхәамза 21, 2017 шықәсазы аинициативтә гәыԥ аԥшьгарала Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент адепутатрахь кандидатс ашәҟәы дҭагалан. |
Кәыҵниа, Алхас Алықьса-иԥа Абиографиа | Диит рашәарамза 23, 1969 шықәса рзы Очамчыра араион Кәтол ақыҭан; 1986 ш. далгеит Аҟәатәи ажәабатәи ашьхырыуаа рышкол; 1986-1988 шш. Кындыӷтәи ачаифабрика аҟны лаборантс аус иуан; 1988-1990 шш. Асовет ар аҟны аррамаҵзура дахысуан; 1990-2005 шш. Кындыӷтәи ачаифабрикаҿы технологс аус иуан; 1992 ш. рзы далгеит асубтропикатә нхамҩа аинститут. аҵарауаҩ - агроном изаанаҭ ала; 2005-2014 шш. Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩс дыҟан; 2013-2015 шш. рзы аполитикатә партиа «Амцахара» ацхантәаҩыс дыҟан; 2015 ш. инаркны иахьа уажәраанӡа аполитикатә партиа «Амцахара» ахантәаҩыс дыҟоуп; Аԥсны Жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра далахәын; Ианашьоуп «Агәымшәараз» амедал. |
Аршба, Олег Нури-иԥа Абиографиа | Диит 1964 шықәсазы Тҟәарчал ақ; 1981 ш. далгеит Тҟәарчалтәи актәи абжьаратә школ; 1988 ш. далгеит Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет атәым бызшәақәа рыҟәша «Арҵаҩы аиҭагаҩареферент» изанаат ала; 1984-1986 шш. рзы аррамаҵзура дахысуан; 1988-1989 шш. рзы — Тҟәарчалтәи актәи аԥшьбатәи аабжьаратә школқәа рҟны англыз бызшәа арҵаҩыс аус иуан; 1989-1991 шш. рзы Тҟәарчалтәи азауад «Зариа» акомҿар еидгыла акомитет зыхиақәиҭу амаӡаныҟагаҩыс дыҟан; 1991-1992 шш. рзы - ақ. Тҟәарчал азауад «Радуга» аконструктортә биуро аҟәша деиҳабын; нанҳәамза 14, 1992 ш. Тҟәарчалтәи аибашьцәа ргәыԥ далалеит: аштаб аофицерс дыҟан, 3-тәи аполк, 1-тәи абаталион аштаб деиҳабын, иара убри абаталион командирс даман, Мрагыларатәи афронт 3-тәи аполк аштаб аиҳабы иҳаҭыԥуаҩыс дыҟан; Аибашьраҿы дхәын. 1994 ш. Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистрра аҟнытә Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә еиҿкаарақәа рахь диаган; 2001 ш. ихҵан арратә хьӡы - «аполковник»; 2006-2008 шш. рзы - Аԥсны Арбџьармчқәа аԥшыхаратә усбарҭа аштаб хада деихабын; 2008-2011 шш. рзы - Аԥсны Атәылахьчара аминистрра акадқәа рыҟәша еиҳабыс дыҟан; 2011 ш. - Аԥсны Арбџьарчмқәа рштаб хада аиҳабы иҳаҭыԥуаҩыс аус иуан; 2012 ш. - Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩыс дыҟан; 2013 ш. - «Ичыдоу азинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ» ҳәа адипломатиатә хьӡы ихҵан; 2018 ш. - Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ичыдоу анапынҵақәа рзы ацҳаражәҳәаҩ. Иара убри ашықас азы Аԥсны Атәылахьчара аминистр иабжьгаҩыс аусура далагеит. |
Ҭарба, Асҭамыр Борис-иԥа Абиографиа | Диит Аҟәа ақалақь ажьырныҳәамза 13, 1961 шықсазы; 1978 ш. далгеит Н. Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи 10-тәи абжьаратә школ; 1983 ш. далгеит Аҟәатәи асубтропикатә нхамҩатә институт, атехнологиатә факультет; 1983-1985 шш. Аррамаҵзура дахысуан СССР аҳәаахчаратә архаҭақәа рҟны; 1985-1986 шш. аус иуан Лыхнытәи ачаи фабрикаҿы; 1986-1988 шш. аус иуан Аԥснытәи АССР Аминистрцәа р-Совет агро-ааглыхратә ҟаша ареферентс; 1988-1990 шш. КПСС Аԥснытәи аобком аҟны ааглыхреи, атранспорти, аимадареи ринструктор имаҵура ҭыԥ ааныкылон; 1990-1992 шш. анаплакратә усура инапы алакын; 1992 ш. лаҵарамза инаркны аус иуан Гәдоуҭа араион ахада ихаҭыԥуаҩс; 1992 ш. нанҳәамза инаркны арратә хәҭаҟәа рҟны агәыԥ, анаҩс авзвод командаҟаҵаҩыс дыҟан; 1993 ш. хәажәкырамзазы Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Ахеилак Апрезидиум Ақәҵарала Аԥсны ашәарҭадара амаҵзура актәи маӡаныҟәгаҩс дыҟаҵан; 1993-1999 шш. аус иуан Ашәарҭадара амаҵзура актәи маӡаныҟаҩс дыҟаҵан; 1993-1999шш. аус иуан Ашәарҭадара амаҵзура ахантәаҩыс; 2000-2003 шш. аус иуан Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашәарҭадара ахеилак амаӡыныҟәгаҩс; 2003-2004 шш. Аԥсны Аҳәынҭқарра Аԥыза-Министр актәи ихаҭыԥуаҩс дыҟан; Нанҳәамза инаркны жьҭаарамза 2004 ш-нӡа Аԥыза-Министр инаԥынҵақәа наигӡон; 2005 ш. инаркны иахьанӡа А-Телеком анаплакы адиректор ихаҭыԥуаҩс аус иуеит. |
Анқәаб, Артур Мирод-иԥа Абиографиа | Диит цәыбррамза 19, 1969 шықәсазы ГаГра ақалақь аҿы; 1986 ш. далгеит Лӡаатәи абжьаратә школ; 1989 ш. дҭалеит Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә Университет аҭоурых-зиндырратә факультет, дагьалгеит 1996 ш-зы; Иара убри ашықәсазы рҵаҩыс аусура далагеит Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә Университет аҿы; 1997-2003 шш. азындырратә факультет адекан ихаҭыԥуаҩыс дыҟан; 1999-2000 шш. аус иуан Аԥсны Аҩныҵҟатәи Аусқәа Рминистрра иаҵанакуа иҷыдоу амилициатә школ, азеиԥш маҭәарқәа ркафедра еиҳабыс; 2000-2003 шш. аус иуан Аԥсны Аҩныҵҟатәи Аусқәа Рминистрраҿы усҭҵааҩыс; 2006-2007 шш. ҟарачы-Черкессктәи Апедагогигатә институт аҿы аспирант-ҭҵааҩыс дыҟан; 2011-2015 Аҟәатәи абжьаратә милициатә школ еиҳабыс дыҟан «амилициа аподполковник» ичын ала; Иахьатәи аамҭазы аус иуеит «Урыстәылеи Аҳәаанырцәтәи атәылақәеи рҭоурых» иаҵанакуа акафедра арҵаҩы-еиҳабыс; Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра далахәын, ахымхәацәа II ргәыԥ даҵанакуеит. |
Какалиа, Асҭамыр Валери-иԥа Абиографиа | Диит Аҟәа ақалақь ажьырныҳәамза 4, 1976 шықәса рзы; Далгеит Аҟәатәи ажәибыжьтәи абжьаратә аурыс школ; 1993 шықәсазы Гәдоуҭатәи Арратә горнизон аҟны арра дахысуан; Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет арратә кафедра даушьҭымҭоуп; 1998 ш. ААУ аекономикатә факультет далгеит; 2001 ш. далхәын Кәыдрытәи аиҩхааҿы имҩаԥысуаз аоперациа; 1994-2000 шш. рзы — Аҟәатәи аџьармыкьаҿы гәаҭаҩыс аус иуан; 2000-2001 шш. рзы Жәларбжәаратәи агәыҳалалратә еиҿкаара «Премиер-Уржанс» аҟны англыз бызшәа ахьынтәи аурысшәахь еиҭагаҩыс аус иуан; 2002-2003 шш. рзы аус иуан Москватәи акомерциатә фирмақәа руак аҟны; 2004-2005 шш. рзы Аԥсны Ахада иадминистрациа аиҳабы ицхырааҩыс дыҟан; 2005-2007 шш. рзы Апсны Аҳәынҭқарраҿы Ареспублика Преднестровиа Ахаҭарнакс дыҟан; 2007-2015 шш. Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҵәахырҭатә банк аревизорс аус иуан; 2010-иахьа уажәраанӡа хаталатәи усдкылаҩыс дыҟоуп. Аҭоурыхтә роман «Гостеприимное море» авторс дамоуп. |
Салаҟаиа, Сослан Шьоҭа-иԥа Абиографиа | Диит рашәарамза 27, 1965 шықәса рзы; 1971-1982 шш. аҵара иҵон Н. А. Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратә школ аҿы; 1982-1987 шш. рзы Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә Университет аҭоурых аҟәша, аҭоурых-зындырратә факультет аҿы аҵара иҵон 1987-1990 шш. рзы Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥснытәи абызшәеи,алитературеи,аҭоурыхи ринститут аҿы аспирантс дыҟан; 1991 ш. инаркны аус иуеит рҵаҩыс, арҵаҩы-еиҳабыс, адоцентс Аԥсны аҭоурыхи, археологиеи, аетнологиеи ркафедраҿы; 2002 ш. инаркны Аҭҵаарадырратә институт аҿы аҭҵаарадырратә аусзуаҩыс дыҟан; 2011-2017 шш. аҭҵаарадырратә усқәа рзы адиректор ихаҭыԥуаҩыс дыҟан; Аҭоурых ҭҵаарадыррақәа дыркандидатуп, ААУ адоцент. |
Салаҟаиа, Сослан Шьоҭа-иԥа Абхазия в годы аграрной реформы П. А. Столыпина, Аҟәа, 2012, 76 с. онлаин | XIX ашәышықәсеи - XX ашәышықәса алагамҭеи рзтәи Аԥсны аҭоурых азҵаатәқәа аԥсуа советтә ҭоурыхтә ҭҵаарадырраҿы, Аԥцны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа Д. И. Гәлиа Ихьӡ Зху Аԥсуаҭҵааратә Институт, Ақәа, 2009. 123 с. онлаин История и историография Абхазии XIX - нач. ХХ века, Lambert Academic Publishing, Маврики, 2018, 151 с. ISBN 978-613-9-86020-3. онлаин |
Барцыц, Аслан Чачурбеи-иԥа Абиографиа | Диит лаҵарамза 22, 1965 шықәсазы Гәдоуҭа араион Ԥсырӡха ақыҭан; 1982 ш. аҵара иҵон Афонҿыцтәи абжьаратәи ашкол; 1982 ш. Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет азындырратә факультет дҭалеит; 1983-1985 шш. аррамаҵура дахысуан Асовет Ар Аҳаирхьчаратә архәҭақәа (АХЬА) рыҟны; 1989 ш. ауниверситет далгеит аҭоурыхи ауаажәларрадырреи рырҵаҩ изанааҭ ала; 1989-1990 шш. аус иуан изанааҭ ала Гәдоуҭа араион Орџьоникиӡетәи абжьаратәи ашкол аҟны; 1990 ш. аус иуан Аҟәа ақ. Абзазаратә маҵзура аусбарҭа (АМА) акомҿартә еилакы зхы иақәиҭу амаӡаныҟәгаҩыс; 1992 ш. Аԥсуа гвардиа Афонҿыцтәи аҟәша далан; 1992-1993 шш. Афон-Ешыратәи абаталион далан; Анаҩс, Гәымысҭатәи афронт аԥшыхареи аконтрԥшыхареи рыҟәшаҟны дыҟан; 2000-2001 шш. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашәарҭадаратә Маҵзура 10 аҟәшаҟны аус иуан; 2001-2005 шш. нӡа Аԥсны Жәлар Реизара — Апарламент IV ааԥхьара адепутатс дыҟан; 2017 ш. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада и-Администрациа Аексперттә усбарҭа аиҳабыс дыҟан; 2018 ш. инаркны иахьа уажәраанӡа Аԥсны Ареспубликатә политикатә партиа «Аԥсны жәлар ракзаара Афорум» хантәаҩра азиуеит. |