url
stringlengths
0
2.23k
collection
stringclasses
9 values
source
stringclasses
78 values
original_code
stringclasses
16 values
text
stringlengths
32
394k
__index__
int64
0
6.02M
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Дышнеиуаз қыҭак далалан сҭаацәа амла исцәакуеит, шәсыцхраа ҳәа реҳәт, дрыҳәт.
73,655
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Мамоу, ауаара акәӡам иҟоу, уаҵәы калхәазаа арахә рацәаны азагатовка иарҭоит, ҳацәгьы цәыкьанаҵ иганы аконтораҿы иҿарҳәеит, уаҵәы агаҟа иргараны иҟоуп.
26,681
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Ариабжьарак ишеишеиуа, аҭыԥҳа ԥшӡа леиԥш, ажәҩан гәы иаҿаз амзагьы ахабар ыҟаӡамызт.
92,499
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Сыбӷа еиҵызымхуа сгәынҷыхьа, сгәаҵа иҭаҵәах, сыццакны, аҩны сдәылҵит аӡынмш ҷыхьха, сцоит ақәыцрахь сеигәышә кны.
132,577
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Иаараҳар аҭырқәцәа, амцаԥшь иаҩызоу ахацәарԥар ыҟоуп, иаҭаххозар, аҵысмҩас абла ҭырхып убас ихысуеит, рҭыԥҳацәа, абџьар шьҭырхуеит анибарҵәрагьы ҟалоит сгәахәит.
56,399
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Иара убас Асовет Еидгыла Афырхаҵа Владимир Ҳаразиеи жәлар рфырхаҵа Смыр Гәдисеи рыхьӡ зху аԥхьахәқәа рзгьы араҟа есышықәса имҩаԥысуеит зегьеидгылоутәи аицлабрақәа
128,184
glot500
Wikipedia
abk_Cyrl
Аусӡбаратә хеилак аҟны акәзар, апрокуратуреи аӡбарҭеи рҟны реиҳараҩык атәылауаа ирыдҳәалам, аха аҵарҭышагара ари ахырхарҭа аҟны лассы-лассы аҭыԥ змоу усуп. Ажәабжьқәа рҟны ҿырԥштәыс иаагозар, акры зку ауаҩы машьынала дисны дишьыр, уи ихы дшақәиҭу, ихы шҿихыз атәы уаҳауеит, иҟоуп аҿырԥштәқәа маҷымкәа аусқәа зынӡагьы ианхацдмыркуа.
78,637
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Аҩнымаҭәақәа иҩнагылаз хәыц-хәыц еимыздеит, ачамаданқәа хәыҷиҭдуи ак аанысмыжьит зегьы сырҭалт, хьтәы мацәазки жәытә сааҭки збеит.
79,160
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Медведев иҟнытә ҳшаадәылҵыз еиԥш, иаразнак Аԥсны раԥхьатәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба аҭел сасны идысныҳәалеит иҟалаз ахҭыс, избанзар иара иоуп зегь раԥхьа иргыланы иахьатәи ҳиааира зыбзоуроу.
78,437
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Шәца, – иҳәеит, шьҭа шәус шәара ижәдыруеит, сара избап егьырҭ, сара сусқәа
35,353
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Уцыркь дабаҟоу ҳҳәон, арахь ҳара ламысда қәа, иаҳфо мааҭк ҳамамкәа ҳанынхалак, унабжьысишь, ани ацыркь мааҭқәак лымԥсахны иаагеишь ҳәа дыхҭаҳкуан.
138,360
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Уа ихатәы мҩа изалырхуазар, Ихаразаргь уи ахьгоу, Дацәымшәароуп ихьамҭазаргь, Данылароуп зыгәра игоу.
92,979
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Зны ар иреиуаз аныӡхыҵ, аҵыхәтәан Леон ԥсҳас Аԥсны зегьы дрыларҳәац ицны иааз аҳәынҭқарратә уаа дуқәеи иареи, изыхьчоз ирыгәҭылагыла, арахь рҿаархеит
9,927
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Рыхәҭак аԥхьаҩ изнаганы еиуеиԥшым асимволтә ҵакқәа рыҭаны иаҳҳәап, Абрыскьыл изку аҳәамҭа, лымкаалагьы ахаҳә еиҩса иадҳәалоу аепизод, даҽа хәҭак аллегориа ҟазшьа амоуп
65,538
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Арсоу дышьҭҟьаны дышцоз аҟара лбон Рашәында, аха иҟаз иҽеиуатәшәа дгылан.
84,576
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Избоит акы уҭаршәны ушамоу, аха аҷаԥшьацәа уаарылатәа, Шьаԥагәа ахәыларцәа, аа, уажәы-уажәшьҭан иԥсы шынаихыҵра
89,269
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Саҭбеи итапанча инацәа аҵакны адәышшара даақәлоит, днаԥшыааԥшуеит, дӡырҩуеит, Зны игәы дҭасуеит, зны ихахәы дахоит, дыцәҳауеит.
16,941
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Уи аоперациа амҩаԥгараҿы усгьы вова иакәын изықәгәыӷуаз, аҵх агәы ааиҩнашон еиԥш, аибашьцәа надгылеит аӷа иштаб зыҩназ аҩны.
119,769
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Иара ишыхәмаруаз, абри аҩны ашьҭахьҟа ицеит, егьнавалеит, иаразнак ашра иалагеит.
13,438
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Зынӡа ибашоу џьысшьоит ирҳәо, ируа, акгьы ирзаҵам, сгәахәуеит, агәы ԥха.
110,905
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Игәы иныҵаххны дҵааит, избанзар, иара иакәымкәа, убарҭ зегьы аҽаӡәы изкызшәа ибеит
135,153
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Нана, ҿаалҭит сан лхы налықәкны, иаха Пыӷа ус иаҳҳәон, ҳаб, ԥхыӡ дызбон.
54,732
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Асакара еиԥш зхы-зҿы амра иабылхьаз ҭаҳмадак, игыргыруаз иҽада дақәтәаны даасывалеит
49,941
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Аха даҽа-ганкахьала, Қырҭтәылатәи ҭауади аамысҭеи ақьырсиантә динхаҵара аусузҩцәеи ирылшоз зегьы ҟарҵон аԥсуаа рроль аларҟәразы.
2,579
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Ус ҳабжаҩык Гыртәылаҟа рыҽшаны ицеит, бжаҩыкгьы рыҽшаны Аԥсны ахы-аҵыхәа иалалеит.
123,598
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Иара, сабгьы днаганы, ашьра уқәуп ҳәа наиаҳәаны, ушақәшаҳаҭу унапы аҵаҩ анырҳәа, ажәак мҳәакәа инапы анаҵаиҩы, ашьажәцәа руаӡәк
96,615
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Манча дыхәрынҵаны дызмаз ихәыцрақәа рхы иақәиҭхеит, инеихыԥраа ицеит ахьхьа-хьхьаҳәа ицәажәоз иажәеинраалақәа дрыԥхьан даналга
12,427
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Уи аиааира имацара итәхомызт, дасу иқыҭа-иҳабла, дасу абиԥарас дызхылҵыз, дасу иарбан тәылаҿацәу дахьынтәааз еицыртәхон
113,112
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Алитературатә фонд ашәҟәыҩҩцәа рыцхырааҩ, рыдгылаҩ ажәахәҟаҵаҩ иқәгылараҿ дазааҭгылоит азеижәтәи ашәышықәсазы Урыстәыла иаԥҵаз Алитературатә фонд ашәҟәыҩҩцәа рматериалтә ҭагылазаашьа аиӷьтәразы иалнаршаз акырӡа ишырацәаз, аҿырԥштәы ҟаимаҭгьы шаԥнаҵаз.
129,808
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Амашьына аара ҳазыԥшны абарҵа ҳаҵатәан, ҳҿаԥхьа игылаз ашьақар зауад аусуцәа, часак-часак инацҳауа, еилысуан.
109,533
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Амилаҭ маҷқәа, перспектива змам, зхатәы культура ззаԥымҵо ракәны иԥхьаӡон Сталин.
54,061
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Шәхынҳәы, макьана иахыԥам, иқьаԥҭажәхаз шәыҩныҟақәа рахь, еиқәышәҵа макьана зынӡак имыцәац шәхәышҭаарақәа!
28,910
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Борас иман Гагрыԥшь зегь кны, ижәбонда ишырфоз еимакны, апальма адацқәа ирынкны, урҭ ирхаз изтәыз рыԥсоуп, иан дикәыхшоуп, сԥа дааԥсоуп.
139,652
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Асланбеи иишьырц ииҭахыҵәҟьаз Сафарбеи уи аамҭаз Лыхныҟа дцан дыҟазшәа, уи аҟнытә уи деиқәхазшәа
97,671
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Аиапонцәа ркультуреи рекономикеи рҿиара еицырдыруеит, ус шакәугьы ажәытәтәи рҵасқәеи рқьабзқәеи еиқәырханы ирымоуп, избанзар, урҭ дара идырҿиаз культуроуп, рҭоурых ауп.
6,428
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Лнапы шыскыз, лара лымчқәа зегьы еизганы, уахь илырхазар акәхап, иаасымпыҵхны, сара снапы инақәҵаны илкит, саргьы иаармарианы илысҭеит, гәынхәҵысҭала, днапыршьшьуа дшазышәарыцоз ангәасҭа.
62,144
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Уигьы хьаам, уаҩы ичҳарын, уаҵәы еиҭа иаацәгьарахар, ашьамҭлаҳәқәа рышьҭыбжь гар, урҭ ааҳәны рыжәлар шырымҭиуа агәра ганы уҟазар.
64,234
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Аԥсра мыжда абла хьшәашәа сахьынҭаԥшыз акәу, иара ус, Шьаԥагәа дрыцҳасшьоу сыздыруам, азныказы сгәыкы-ԥсакуа, иааснумшьаларатәы ахәхәа-хәхәаҳәа саақәыԥсычҳаит
54,558
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Ҳҭыԥ аҟны ҳанааи, зсасдкылара ҭбааз аԥшәма иуатка анаахирт, сыхәмаруа инаиасҳәеит ари еиԥш аҭыԥаҟны хжәылагас аконсерв аиҳа ашашлык шеиӷьу.
49,744
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Еилаҩынтуа, ажәҩан хәашьны, адгьыл аҿы аҿаасҭа анцо, згәахәтәы иахьымӡакәа ҿыцха инцәыҵаҳауа ауаа рацәа рыԥсҭазаара анкьаҿхо, аиаша ахьыҟоу аԥшаара уагьашьҭамлан, иагьузыԥшаауам.
39,176
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Аха аурыс ориентациа ахьимаз азы ажәлар дырзеилкаауам, дыԥсахҩуп ҳәа дрыԥхьаӡо аҟынӡа днеит.
21,139
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Улақәа анаапклак, ишԥаҟауҵоз, унеины ухырхәаны иуҳәар акәхон, усыцхраа, слақәа аапкит, исзыхәшәтә ҳәа.
100,710
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Адгьыл ақәаарыхра аԥышәа ду зқьышықәсала иаазгоз, ишырҳәо еиԥш, зыблақәа хҩаны амхы лазҵоз, имарымажаха иаазрыхуаз, зыхгьы ныҟәызгоз, аҳәынҭқаррагьы акыр алазгалашаз рнапқәа ҿарҳәеит.
87,214
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Иааццакит иара игәырӷьаҵәа ахьыжь ацәҟьа иакны иахьамаз ахь инеиуаз ауаҩы данаба.
24,165
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Нацылҵеит длахҿыхӡа, дахьԥышәырччоз, лхаԥыц ссақәа хшла иӡәӡәазшәа, иҟәаш-ҟәашӡа иаарԥшуа, аха иаразнак лхы-лҿы аалашьцан, илгәамԥхоз акы дазхәыцит.
80,535
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Абасала, аԥсуаа жьаны ишырымгаз, гаӡарала рыдгьыл гәакьа шкармыжьыз еилаҳкаазар, уажәшьҭа ҳҽазаҳшәап ицәаԥҽыгоу атеориа аԥсуаа жьаны амҳаџьырра иргазшәа ирҳәауа иаишьахаз аилкаара.
106,587
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Еснагь ишыҟалҵалак еиԥш, уи иску асумка аасымылхуеит, амаҵурҭа ҳаҩналарц жәабаҟа метра шыбжьоугьы.
15,702
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Иԥҳәыс даанӡа, апап иԥҳәыс лаҳә ҩхарҵҵаланы, иара апап ишибоз амш лылеигеит.
44,929
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Аԥсра мыжда абла хьшәашәа сахьҭаԥшыз акәу, иара ус Шьаҭажә дрыцҳасшьоу сыздыруам, азныказы
143,480
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Лиарҭа дшылҵуагь лымбаӡакәа, Иоужьны ишлықәыԥсоу лыхцәы, Ддәылҵуеит ашә ала дымцакәа, Ахышә дкылсуеит харԥзаҵәы.
97,254
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Ашә аатуеит, уҩнашәгьы са исзыԥшын, зны саԥшәыман ара, зны ссасын.
37,064
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Зыҽзырӷәӷәо ацәгьара авирусгьы Кьыршьал исатиратә хәшәы амацара иазҭамырхаргьы ҟалап, аха иаҭахуп уи игәаӷьра, уи иусушьеиԥш аусура, уи иқәԥашьала ақәԥара, уи иеиԥш аԥшаара.
100,932
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Иаҳбахьоу еицәа ҳаумырбан, улԥха-угәыԥха ҳагумыжьын ҳәа заҟантә Анцәа диҳәахьоузеи, заҟантә заҟа цәашь лбылхьоузеи, заҟантәгьы Анаҟәаԥиа дхаланы, лԥа Рамзыц инышәынҭраҿ днеины, дматанеихьоузеи
133,114
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%96%D0%B0%D0%BD%D0%BD%D0%B0%20%D0%B4%E2%80%99%D0%90%D1%80%D0%BA
wikipedia
wikipedia
ab
Жанна д’Арк (иахь. ; , Донреми-ла-Пиусел — , Руан, Франциа) — францыз амилаҭтә афырԥҳәыс ауп. Ашәышықәсатәи аибашьра аан лара францыз ар рԥызахада руаӡәан. Азгәаҭақәа Франциатәи аруаа Франциатәи ацқьацәа Ацқьацәа Афранцызцәа иршьыз Франциа асимволқәа 1412 шықәсазы ииз Ажьырныҳәамза 6 рзы ииз 1431 шықәсазы иԥсыз Лаҵарамза 30 рзы иԥсыз
225
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Аа, аԥарақәа исымоу, – иҳәан, атапанча зкыз инапы иџьыбахь индәықәҵаны иеикәарҽы адолларқәа ааҭиган, инаирбаны еиҭа наҟ инҭеиҵеит, сара исҭахуп уара ари ақыҭа уалӡааны уцарц.
25,610
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Аӡә ҳхы ԥиҽуеит, ҳаазцазеи, акы ҳаршуеит ҳәа дҳәацәо амашьына ихы ааҭмырҳәҳәаӡакәа дааит Аҟәанӡа
56,104
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Абас еиԥш арыцҳара иагьаџьара иҟалахьеит, иубаз еицәа убеит ҳәа ауаҩы ихьқәаз изымхошәа, гәырҩеи-хьааи наӡаӡа дрымпыҵаижьуама?
24,113
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Абарҭ усасцәа раԥхьа унагыланы, иахьатәи ҳныҳәа ду ахьӡала ирхианы ирымоу рчеиџьыка агьама жәбарц рҭахуп.
46,311
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Сеиҭахынҳәырц сҭахуп уаанӡа исҳәаз ахшыҩҵак ауаҩы дзыԥсоу адырреи ахӡырымгареи рышҟа.
129,878
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Уи дҳадаҳкылоз џьышьа акыр дҳадгьежьылеит, аха Владимир Иван-иԥа лоцманда абжьысра азин иман.
119,565
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Шаҟантә ихоугалахьои ауаа ирбаратәы, арҭ баша ҷкәынцәам ҳәа рыӡбахә рҳәаратәы
112,540
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Сара ажәа ушар шауаз, ажәақәа зегьы хырҭәагак иааҭышәшәазшәа ишыҟам еилыскаауа саналага нахыс, ҳгәыла Шьаҭажә ихьӡ, раԥхьа иакьысру, иакьымсру азымдыруа, зхы ырнааны ажьыргәыц иахәаԥшуа амлаӷәыр аиԥш сахәаԥшуан.
69,991
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Рҭыԥқәа рҿы иаалиаауеит Абыжьҩык, гәырӷьаҿҳәашак еиԥш акоментариқәа азыруеит Ахра имҩа, ишырҳәо еиԥш, зны ихало, зны илбаауа, зны убла иацәыӡуа.
101,217
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Аигәышә ааҳамгеи, Баӷь-цымкьыкь, амаӷ дуқәа рыгә ҭақәа ԥыҟҟаны, зынӡа икамыжькәа, амахә иахьынҳалан инхартә иузысраауеит.
32,932
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Иҟабҵазеи-иҟабҵазеи, бан лхы лсеит, – иҳәеит уи иааиқәырццакны, амитә бымпыҵҟеит, аха рҽеишьак аҳҭароуп!
73,704
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Ус, иаша, аԥсҭҳәа ӡлач дуқәа неимгәыцҟьаан, игәасҭеит, иаацәырҵит амра ххаӡа.
98,602
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Асовет мчра анааи, ажәлар ржәытә дин, ржәытә мыцхаҵарақәа карыжьырц иазықәԥо иалагеит.
73,028
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Игәыбзыӷуп, аха ахымҩаԥгашьа адыруеит, иҵкьыҵкьоушьартә иныҟәом, абзиабареи агәбылреи мҵәахыкәа иаанарԥшуеит, аха, шьоукышьоукы реиԥш, уара иуҭахы-иуҭахым агәхьаа мкӡакәа, игәыдукылом
51,530
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Зынӡа аҽакуп уи аҟара зҵазымкуа афактқәа ирыхҟьаны анхацәа дара-дара анеиҿанагалоз.
68,026
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Бзиа дызбон сара уи зегь реиҳагь, сара схәыҷын усҟан, лара дҭыԥҳан.
28,119
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Иара, сыбжьы дшеигәырӷьаз мҩашьо, уажәы-уажәы, ишизыцәгьоугьы, иҭабуп, даараӡа иҭабуп иҳәоит.
83,209
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Абааԥсы, бахьнеиуа тәымуаҩык дтәазар, аҳәызба азыҳәан сааит ҳәа мҳәакәа, ма ддәылганы маӡала илаҳәа, ма ирмаананы ҳәашьак аҭ ҳәа ларҳәеит.
12,868
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Иаахҵәаны иаҳҳәозар, егьырҭ алитературатә жанрқәеи ахкқәеи рҿы аус зуа арҿиаҩцәа зегь реиҳа акритик иусура аҷыдаратә уадаҩрақәа амоуп.
139,729
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Иҟалаз убеит, ҳаибарыҩны ҳааит, дыкнаҳхит, абраҟа дышьҭаҳҵеит, ҳәсақәак ашьаршьаф иқәдыршәит ҳәа иаҳәаны даналга, ицәажәашьа харак идушәа аҽааԥсахын, усгьы нациҵеит, егьырҭгьы иааицдырӷызит.
140,490
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Ақалақь амҩа ҭшәа хәыҷқәа ирныланы инеиуан аибашьра иарчалахьаз, ажәыларақәа рҿы икарахахьаз ар-уаа.
122,528
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Лиониа, Саша, Валентин, Олег, Анатоли уҳәа иаарыхон рнапқәа, иҩархаччон рыблақәа.
89,229
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Аиҳабыра арахә анырхуан, сара исымуит, иччоз ччаны, ргәы ахәша ықәҵаны ианалга, уи ажәаԥҟа зҳәаз схы наиқәыскын
62,399
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Иахьагьы аԥсараа излар ҳәо ала, уахык асҭаршыни аписари, ауаа рыманы хазы-хазы рҽеиҩша, ақыҭа иалалазаап.
132,582
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Уи лыҩнаҿы ақырҭцәа штәаз аҟара саҳахьан, убри аҟнытә, ԥыҭк аҩадала сахыкәшаны Кәышә Ашәба дахьынхоз сазааигәахеит.
2,656
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Иҟамыз-ианымыз даҽакы цәырганы ашьақәырӷәӷәара имариамыз усын, аха уиадагьы ԥсыхәа ыҟамызт.
90,064
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Аб ауада ҭбааҿы адиван дықәтәан, ателербага ҭбаа аҿакын, аха иара ихшыҩ уи иазишьҭуамызт.
17,786
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Иасон иԥҳәыс аагара иадҳәалаз ачара аҟынтә Ух гәышьа ҳәа рыԥсы ҩеивыргаон еиԥш аан, аиныхра иналагылт, уи иацәынханы ршьапы иқәгыло изыҟалозар бзиан, аха
117,347
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Иамуит сашьеи сареи ҳацәмыӡыр, ҳаигымхар, амшынгьы ҭынчхеит, цәқәырԥала уаҳа есиуам.
63,149
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Ҽаџьаракәны, аха аракәны, адунеи анааҳәӡа ҽнак, иубагәышьеит узлаз лакәны, ԥхыӡны иуԥылон уахьцалак.
79,035
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Ақьа ҳиа имҳәар, аҵыс иаҳәап, аҳәыҳә иаҳәап, ишакәызаалак, иара иаҳап.
100,764
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Аҵх аҵхыбжьонра аҟынӡа имнеицкәа, иахьақәгәыӷуаз ҭыԥк аҟны рыҽқәз ааԥхьакны, асы аԥштәы зыԥштәыз рплашь шкәакәақәа рыҽҭаҳәҳәаны, равтоматқәа рымҟәыҵарӷәӷәа рҿынархеит.
122,663
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Иҟаларын, аԥсуа мҳаџьырцәа рцынҵәарахқәак Болгариа ишнанагаз еиԥш, ҳлахьынҵа злахьынҵаз дара аболгар мҳаџьырцәақәакгьы Аԥсныҟа иқәнагалазар.
14,549
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Уаа ҟәымҵӡакәа аԥсынкәа аҭра аҵәы ҭоукшо уалагар, акы умыцҳакәа ишԥаҟало
55,396
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Аха уара уазхәыц, ҵыԥх уажәааны византиаа ирабашьны Константинополь Сҭампыл зымпыҵазхалаз аҭырқә-османцәа арахьгьы рҿанаарха ҳамч рықәхараны ҳшыҟам.
19,447
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Амақарра шьҭа иазхап, ахьҭа иакны, ҳа иаҳҭазар, сасҵас иааизар иҳарԥхап.
97,497
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Ҳаиуацәоуп, дагьхәыҷ бзиоуп, аҵара исырҵароуп, иҳәалон Дырмит уи аҷкәын изыҳәа.
90,557
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Ашьха ахалара мариам, аха убаҩ уацәымаашьакәа уаҿалар, аџьа убаргьы, хыхь ақәацәрахь ухалоит.
17,554
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Аха уаҵәы сшынхауа, изакә малу исоуа, изакә ԥсҭазара ссиру ибысҭауа ҳәа аҽхәара даналагалак, Санчо Панса игәра шигоз еиԥш Дон Кихот, лхаҵа игәра лгон уи аԥҳәыс.
103,207
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Ҳаԥхьаҟа еиҳагьы уаҩы ибарҭахашт абри аҩыза аидгылара, аизыразра Аԥсынразы, ҳауажәлар рзы заҟа аҵанакуа иҟало, заҟа ԥнаҟараны иҟоу.
4,823
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Аԥсыцәгьареи ашьыцреи идырлашәыз, идырдагәаз Гәыдым игәыла иакәым, иҷкәынцәа Дауҭи, Лумани, иԥҳа Ҳанифеи абык ишиқәнаго дрызныҟәом, бзиа ибом.
109,871
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Ахәышәтәырҭа аҟны иҟаз аилагьежь-аилахынҳәра инахаршәаланы акырынтә ателофон ҟалҵеит аҩныҟа, аха аӡәгьы ишьҭихуамызт.
41,232
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Амх иалатәаз ҩыџьа, иара уа иахьынатәаз рпарашиутқәа ааикәарԥсан, ҳәызбала рыкәша-мыкәша аԥш шьапқәа нкылырхааны, уа рҽааныркылеит.
2,392
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D2%9A%D1%8B%D1%80%D2%AD%D1%82%D3%99%D1%8B%D0%BB%D0%B0
wikipedia
wikipedia
ab
Қырҭтәыла () – Кавказ мрагылара аган ахь ала иҟоу атәыла. Аладаҿы Қырҭтәылеи Ермантәылеи, Азербаиџьани, аҩада-мраҭашәараҿы - Қырҭтәылеи Урыстәылеи аҳәаақәа иамоуп. Апрезидент: Зурабишьвили, Саломе Леван-иԥҳа Аԥыза-министр: Ӷарибашьвили, Иракли Тариел-иԥа Аҳәынҭқарратә символика Абираҟ Қырҭтәыла абираҟ араӡны фонаҿ (афон шкәакәаҿ) иарбоуп идуу аџьар ҟаԥшьи, ԥшь-џьар хәыҷыки. Ари, зегьеицырзеиԥшу иқьырсиану асимволқәа - ҳазшаз Анцәеи ԥшь-ҩырацқьаки ауп иаанаго. Аџьар агеральдикатә дырганы раԥхьаӡаа ицәырҵит 1099 шықәсазы, аџьарныҟәгаҩ Жофруа де Буилон игерб аҿы. Убри аамҭа инаркны ари агеральдикатә дырга Анцәа инышәынҭреи, ақьырсианра ацентр Иерусалими ауп иаанаго. Ари агерб хы-хьӡык амоуп: Жофруа де Буилон игерб, Иерусалимтәи агерб, Адырга цқьа. Араӡны (ашкәакәа) агеральдикаҿ ацқьара, ахшыҩ ду ауп иаанаго, аҟаԥшь - афырхаҵара, аӷьеҩра, аиашара, абзиабара. Анџьелино Дульчери иаԥиҵаз аҳәаақәа рыхсаалаҿ - портулан аҿы (1339 ш.), Франческо ди Лапоччои Доменико ди Бонинсеньеи амшынтә рыхсаалаҿ (1367ш.), Сидер амшынтә ихсаалаҿ (1565 ш.) Қырҭтәыла атерриториа абри абираҟ ала иазгәаҭан. Агерб Агерб ду Ахәҭаҟаԥшь аҿы ахьтәы ореол змоу, ахьтәы џьар змоу араӡны ԥса зку, иҽыжәу Гьаргь ацқьа араӡны гәылшьап ишьуеит: асаԥар ақырҭуа (ивериатәи) агәыргьын ала ирԥшӡоуп: асаԥар ныҟәгаҩцәаны ҩ-хьтәы лымык иарбоуп: асаԥар шьаҭас иамоуп астилизациа зызу аӡахәа ақырҭуа орнаменти, адевиз зну абанти; иҟаԥшьу-ишкәакәоу абант мхедрули анбан ала адевиз ануп: Акзаара ауп амч змоу. Агерб хәыҷы Ахәҭаҟаԥшь аҿы ахьтәы ореол змоу, ахьтәы џьар змоу араӡны ԥса зку, иҽыжәу Гьаргь ацқьа араӡны гәылшьап ишьуеит; Гьаргь ацқьа Иқьырсиану адунеи аҿы Гьаргь ацқьа пату иқәырҵоит. Адиниашахаҵаҩцәа мацара ракәымкәа, ақьырсианцәа зегьы бзиа дырбоит. Уи адагьы, аԥсылманцәа рышәҟәы цқьа, Аҟәырҟан аҿгьы Гьаргь ацқьа иӡбахә ҳәоуп.Гьаргь ацқьа иқьырсиану адунеи аҿы Ҳазшаз Анцәа ду ир рԥызас, аарцәтәи адунеи афырхацәа рхылаԥшхәыс, ауаҩытәыҩса ихылаԥшхәыс, агәаҟра иҭагылоу ауаа рыцхырааҩыс дрыԥхьаӡоит. Ацәгьа иаҿагыло, аҵабырги аиааиреи рсимвол, арашь шкәакәа иақәтәо Гьаргь ацқьа, ақырҭуаа рзы дҿырԥшыганы дҟалеит. Жәытәнатә аахыс Гьаргьт ацқьа ақырҭуаа рхылаԥшхәыс дрыԥхьаӡоит. "Қарҭлис цховреба" ("Қарҭли аԥсҭазаара") ишану еиԥш, Дидгортәи аидыслараан Гьаргь ацқьа ақырҭуа ар дырхагылан. Ари иабзоураны, уамашәа иубаратәы иҟам Қырҭтәылаҿ Гьаргь ацқьа ихьӡ зху 365 уахәамак ахьдыргылаз. Аиашахаҵаратә ақырҭуа уахәама Гьаргь имшныҳәа шықәсык ала ҩынтә иазгәанаҭоит. Иване Џьавахишвили ("Ақырҭуа милаҭ рҭоурых", ашәҟәы I) ишызгәеиҭо еиԥш, ақырҭуа ихшыҩ аҿы анцәахәқәа рыбжьара "зегь реиҳа ихадоу аҭыԥ ааникылоит Гьаргь ацқьа". Ақырҭуа жәлар Гьаргь иныҳәақәа шықәсык ала изныкымкәа иазгәарҭоит. Иазгәаҭатәуп жәлар рныҳәақәа: Хевсуреҭи аҟны Хахмаҭтәи аџьари, Гудантәи аџьари, Санебатәи аџьари, Ԥшави аҟны Лашартәи аџьари, Мҭиулеҭи аҟны Ломистәи аџьари уб. егь. Гергисоба, Усанеҭоба, Арбоба ақырҭуа жәлар ррелигиатә ныҳәақәоуп, урҭ Гьаргь ацқьа ихьӡ иадҳәалоуп. Гьыргәал Ԥераӡе идыррақәа рыла, 1180 шықәсазы, Жак де Витр, Иерусалимтәи апатриарх иҩуан: "Мрагылараҿ даҽа иқьырсиану жәларык иҟоуп, урҭ аибашьраҿ, аидыслараҿ ифырхацәоуп, иӷәӷәоуп. Аибашьцәа рацәаны ирымуоп. Арҭ ауаа георгиан ҳәа ирышьҭоуп, избан акәзар Гьаргь ацқьа патуқәҵарала изныҟәоит, аӷацәа рабашьраан рхылаԥшхәыс дрыԥхьаӡоит, егьырҭ ацқьацәа рацкьыс иаҳа пату иқәырҵоит." Иџьшьатәым, адунеи аиҳарак аҿы иахьагьы жоржианцәа, џьорџьианцәа ма георгианцәа ҳәа иахьҳашьҭоу. Агерб асаԥар аҿы Қырҭтәыла асимвол еиԥш Гьаргь ацқьа исахьа раԥхьаӡа иаҳԥылоит 1672 шықәсазы Урыстәыла иҭыжьыз "Атитулиари", Вахушти Багратиони 1735 шықәсазтәи иусумҭеи рҿы. Агерб асаԥар ахәҭаҟаԥшь аҿы Гьаргь ацқьа исахьа, Қырҭтәыла ауаажәлар рзы ари афигура ахадара ду шамоу иазгәанаҭоит. Агимн Адгьылхҩылаара Ашьхатә системеи аҳаракырақәеи Қырҭтәыла атерриториа 80% ааныркылоит. Қырҭтәыла адгьылхҩылааратә лагылазаара 40'еи 47' мрагыларатә аҭбаареи, 41'еи 44' аҩадатә ауреи рыбжьара иҟоуп. Аҳауа Мрагыларатә Қырҭтәылаҟны хбарроуп, аҳауа иконтиненталуп, аԥхын ԥхарроуп, аӡынра иаҩцацәам, мраҭашәаратә Қырҭтәылаҟны, Амшын еиқәа агаҿы иԥхоу, асубтропикатә ҳауа ыҟоуп. Афлореи афаунеи Қырҭтәыла атерриториа шыхәыҷугьы, араҟа зеиԥшыҟам афлора ыҟоуп. Ари зегьы иҳәаақәҵоуп атәыла адгьылхҩылааратәи аҳауатәи лагылазаара ала, убри аҟнытә араҟа аҵиаақәа ҷыдалатәи рыхкқәа уԥыхьашәоит. Мрагыларатәи мраҭашәаратәи Қырҭтәыла афлора еиԥшым. Мрагыларатә Қырҭтәылаҟны хбарроуп, араҟа аԥсарақәа ыҟам, убри аҟнытә ариаҵәареи аҵиааӡареи иаҳа иалкаауп. Мраҭашәаратә Қырҭтәыла абнарацәарала иалукааратә ыҟоуп. Қырҭтәыла афауна Европеи, Ацентртә Азиеи Африкеи афауна аелементқәа алоуп. Қырҭтәылаҟны шәкыла хшыла ичо ахкқәа ыҟоуп, иара убас, 330 хкы аԥсаатәқәеи, 48 хкы арептилиақәаеи 11 амфибиақәеи 160 аԥсыӡхкқәеи. Қырҭтәыла ҩ-континентк, Европеи Азиеи ирыԥнуп. Ақырҭуа цивилизациа аԥҵареи ашьақәыргылареи рзы анырра рыман мрагыларатәи мраҭашәаратәи акультурақәа. Аԥстәқәа рдунеи абеиара, аҳауа ԥха, ҽаҩраазышьҭуа адгьыл, аԥсабаратә ресурсқәа рырацәара - ақырҭуа жәлар абри зегьы рхы иархәаны, ақыҭанхамҩа арҿиара рылшеит. Идуӡӡоу ақалақьқәа Қәҭешь (189.7 нызқьҩык), Баҭым (122,2 нызқьҩык), Русҭау (117,9 нызқьҩык), Аҟәа (анхацәа ашәҟәы рҭаҩра мҩыԥымсит), Жәыргьыҭ (72,2 нызқьҩык), Гәар (50,2 нызқьҩык), Ԥаҭ (47,3 нызқьҩык) Ҭелау (20,2 нызқьҩык). Аетникатә аилазаара: ақырҭцәа - 83,3 %, азербаиџьанцәа - б,5%, ашәамахьцәа - 5,7%, аурысцәа - 1,5%, ауаԥсаа - 0,9%, абырзенцәа - 0,3%, аукраинцәа - 0,2%, аԥсуаа - 0,1%, ауриацәа - 0,1%, егьырҭ - 0,1%. Адин Қырҭтәылаҟны ақьырсианра аларҵәара аиуит 4-тәи ашәышықәса 30-тәи ашықәсқәа рзы. Ақырҭқәа рҟны ақьырсианра ақадақь луан Нино цқьа (Кабадокиатәи). Уи лныҳәарақәеи лылԥхеи рыла аҳԥҳәыс Нана дылхәшәтәит, иара убас, аҳ Мириан деиқәлырхеит. Ашьахәынҵа инақәырԥшны, аҳ Мириан шәарацаара дшыҟаз, иаалырҟьаны илашьцарахеит, аҳ Нино цқьа лыхьӡала дныҳәан, иаразнак илашарахеит. Убри аамышьҭахь, ақьырсианра аҳәынҭқарратә адинуп ҳәа алаҳәара ҟарҵеит. Мцхеҭа зеиԥшыҟамыз аныхабааш ду дыргылеит. Ақырҭуа ортодоқсалтә ақьырсиантә (аиашахаҵаратә) џьар ҷыдалатәи аформа амоуп. Уи Нино цқьа лџьар ҳәа ахьӡырҵеит, Нино аӡахәа амахәқәеи, иԥаны иҟаз лыхцәи ирылхны аџьар ҟалҵеит. Лџьар ала Қырҭтәыла еиқәлырхеит. Ақьырсианранӡа Қырҭтәылаҟны амцнцәахаҵара акәын иҟаз, амцнцәақәа ирымҵаныҳәон. Аҳ Вахтанг I Горгасал архимандрит иаҭәеишьеит акаталикос ихьӡ. Абас ала ишьақәгылеит Ибериатәи ауахәама автокефалиа. Ажәытә ажәабжь инақәырԥшны, Қырҭтәылаҟны ақьырсианра ақадақь руан ацҳаражәҳәаҩцәа: Андреи, Симон Андреи. Симон Кананити, Варфоломеи. Ақырҭуа ақьырсиантә уахәама иаԥҵахеит 4-тәи ашәышықәса 30-тәи ашықәсқәа рзы. Убасҟан ауп ақьырсианра аҳәынҭқарратә динны ианаарыцҳа. Қарҭли раԥхьатәи аҷҟәандартә кафедра ишьаҭакхеит аҳра аҳҭнықалақь Мцхеҭаҟны, Қарҭли ауахәама аԥхьагылаҩ аҷҟәандар хада ихьӡ ныҟәигон. М ашәышықәсанӡа ақырҭуа ақьырсиантә уахәама, аиерархиала, зны Константинополь, нас - Антиохиа апатриархиақәа рхылаԥшра аҵаҟа иҟан. 466 -468 шықәсқәа рзы, Вахтанг Горгасали ихаан, Қарҭли аамҭакала ишьаҭакхеит 12 аҷҟәандартә кафедрақәа, ауахәама аԥхьагылаҩ акаталикос ихьӡ иоуит. Убри нахыс, ақырҭуа уахәама ахатә автокефалиа аман. VI ашәышықәсазы ақьырсианра ашьақәырӷәӷәараҿы рылагала дууп Ассириатәи абацәа. XI ашәышықәсазы Қырҭтәылаҟны ишьаҭакхеит адунеи зегьы аҟны афбатәи апатриархиа, аха Дауҭ IV Аргылаҩ ихаан ақырҭуа уахәама аҳәынҭқарра ахылаԥшра аҵаҟа иҟалеит, ауахәама иахылаԥшуан мҵигнобартухуцеси - ҷҟондидели. Ақьырсиантә уахәама ароль ду нанагӡеит Қырҭтәылаҟны аҩра-аԥхьара аларҵәара апроцесс аҟны, ауахәама-аберҭыԥқәа рҟны ашколқәеи академиақәеи ыҟан (Гелаҭи, Иҟалҭо), уаҟа абер-маҵуҩцәа аҵара аус иазыҳаҵҳаҵуан, урҭ ҳагеографиатә литература зҵак дуу аусумҭақәа иаԥырҵеит. Қырҭтәыла Урыстәыла адҵара аамышьҭахь ақырҭуа ақьырсиантә уахәама автокефалиа иаԥырхын. Иара убас иаԥырхит акаталикосҽпатриарх иҭыԥгьы. Ақырҭуа уахәама аурыс синод анапаҵаҟа иҟалеит. 1852-69 шықәсқәа рзы ауахәаматә мазара ахазына иарҭан, адоуҳаныҟәгаҩцәа аулафаху рзышьақәдыргылеит. 1917 шықәса хәажәкыра 12 (25) рзы адоуҳаныҟәгаҩцәа автокефалиа еиҭашьәақәдыргылан, цәыббразы акаталикосҽпатриарх далырхит. 1978 шықәсазы Қырҭтәыла акаталикосҽпатриархны далырхит Илиа аҩбатәи. Уи иныҳәарала Қырҭтәылаҟны иакымкәа ауахәамақәеи аныҳәарҭақәеи еиҭашьақәыргылан, имаҷымкәа аҿыцқәагьы дыргылеит. Хымԥада иазгәаҭатәуп Самеба акафедралтә уахәама, уи адунеи аҟны зегь реиҳа идуу аберҭыԥтә комплеқсқәа ируакуп. Аҳаракыра 83 метрак иаҟароуп, уи атерриториаҟны 12 уахәамақәеи аныҳәарҭақәеи аусура иалагоит. Административ-территориалтә шара Араионқәа Қьада, Қобулеҭ, Шьуахьау, Хьалуачаур, Хәыло, Жәыргьыҭ, Хәаб, Ҵаленџьыха, Чхәароҵҟәы, Санакь, Абашьа, Мартәыл, Местиа, Уажәыргьаҭ, Ланчхәыҭ, Чохатаур, Тҟибул, Ҵҟалтубо, Ҷиаҭура, Баӷдад, Ван, Зесҭаԥон, Ҭерџьола, Самтредиа, Сачхере, Харагаул, Хәан, Ахмета, Гәырџьаан, Дедоԥлис-Ҵҟаро, Ҭелау, Лагодехь, Сагареџьо, Сиӷнаӷь, Ҟәарел, Душьеҭ, Ҭианеҭ, Мцхеҭа, Ҟазбақь, Амбролаур, Уан, Цагер, Лентех, Адыгьан, Аспинӡа, Ахалқалақь, Ахалцых, Борџьом, Ниноҵминда, Болнис, Гардабан, Дманис, Марнеул, Ҭеҭри-Ҵҟаро, Ҵалка, Гәар, Касп, Қарел, Хашәыр. Шәахә. иара убас Новости в Грузии პარლამენტი Парламент პრეზიდენტი Президент Верховный суд Friends of Georgia (Friends of Georgia International Foundation. Information on Culture, History, Gastronomy, etc). Ахьарԥшқәа Европатәи атәылақәа Азиатәи атәылақәа Ареспубликақәа
13
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Уи аӡӷабцәа рҽандырҟәышцәоз ицәымӷын, убри азыҳәан, зеилкаара дуқәаз анцәажәоз, их шыҩ дырааԥсар ҳәа дшәаны, ирҳәоз алаф ахь ииаигон.
49,258
glot500
Huggingface
abk_Cyrl
Аԥсуа бызшәа шәышықәсала, зқьышықәсала ишыҿиоз ҿаԥыцлакән, аҩыратә культура иашьцыламызт, иԥнамшәацызт.
47,861